Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АЛХРАТӘ КОМИССИА ХАДА АԤШЬГАРАТӘ ГӘЫԤҚӘА ҨБА РЫШӘҞӘҬАГАЛАРА МҨАԤНАГЕИТ.

Аԥшьаша, 03 Жәабран 2022 18:07 196

Аҟәа. Жәабранмза 3, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Жәабранмза 3 рзы Алхратә Комиссиа Хада адепутатрахь акандидатцәа рықәыргылара азы аԥшьгаратә гәыԥқәа ҩба рышәҟәҭагалара мҩаԥнагеит. Адепутатрахь акандидатцәас иқәгылоуп:

Конџьариа Евгениа Антипа-иԥҳа – алхырҭатә ҭыԥхада №11 ала (Бзыԥтәи);

Бениа Реваз Шьалуа-иԥа - алхырҭатә ҭыԥхада №13 ала (Гагртәи ақалақьтә).

Зынӡа ажьырынҳәамза 21 инаркны жәабранмза 3 аҟынӡа ашәҟәы иҭагалахеит 112 аԥшьгаратә гәыԥқәеи аполитикатә партиақәа хәбеи.

Зегьы реиҳа аԥшьгаратә гәыԥқәа ашәҟәы иҭагалахеит Аҟәа ақалақь алхырҭатә ҭыԥхада №7 ала. Урҭ рхыԥхьаӡара -жәба аҟынӡа инаӡоит.

Акандидатцәас иқәгылоу рыбжьара – 17-ҩык уажәы иҟоу (2017 – 2022 шш. ааԥхьара) Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа роуп. 

Адепутатрахь акандидатцәа рықәыргылара азы азин рымоуп Аԥсны аиустициа Аминистрра аҿы ашәҟәы иҭагалоу  аполитикатә партиақәеи алхыҩцәа ргәыԥқәеи. Уи иҟоу Апарламент аилазаара азинмчы анҵәара хәымз шыбжьоу имҩаԥысыроуп.     

Адепутатрахь акандидатцәа рықәыргылара хыркәшахоит жәабранмза 10 рзы. Апарламенттә алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкырамза   12, 2022 шықәса рзы. 

 

Last modified on Ахәаша, 04 Жәабран 2022 21:39