Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АТӘЫЛА АԤЫЗА-МИНИСТРИ АҞӘА АҚАЛАҚЬ АХАДЕИ АҲҬНЫҚАЛАҚЬ АҾЫ ИШЬАҚӘГЫЛАЗ АСАНИТАР-ЕПИДЕМИОЛОГИАТӘ ҬАГЫЛАЗААШЬА ИАЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Аҩаша, 01 Жәабран 2022 18:04 150

Аҟәа. Жәабранмза 1, 2022. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешбеи ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы ақалақь Акоординациатә Штаб аилатәара аихшьаалақәа ирылацәажәеит, ҳәа иаанацҳауеит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.  

Беслан Ешба иҟаиҵаз адыррақәа рыла, агәабзиарахьчара Аминистрра адҵа инақәыршәаны акоронавирустә ҿкы чымазара алаҽра азы атестҟаҵара амҩаԥгашьа ҿыц шьақәыргылоуп.

Абиоматериал аизгарҭа апунктқәа зегьы антиген алкааразы аекспресс-тестқәа рыла еиқәыршәахоит. ПЦР-диагностика аресператор-вирустә чымазара алаҽра  аҟазшьақәа ӷәӷәала изныԥшуа, мамзаргьы зцәа зтәым аҳәса, иара убас  50 – шықәса ирҭысхьоу ауааи мышқәак ирылагӡаны зымцашоура ҳараку рҿы мацара имҩаԥыргалоит. Аҳҭнықалақь ахада иажәақәа рыла, «ПЦР-акабинетқәа зегьы ирӷәӷәоу арежим ала аус руеит».

Аҳҭнықалақь ахада иҟаиҵаз адыррақәа рыла, ақалақь Ахадара агәабзиарахьчара Аусбарҭа адҵа инақәыршәаны, аполиклиникақәа рыҿгьы ачымазцәа рыдкылара инамаданы аԥкрақәа алагалоуп.

Беслан Ешба ари азҵаара аихшаратә знеишьа аҭахуп, избан акәзар ачымазара лаҽы захьуа ауаа рыхәшәтәра аанкылара ҟалаӡом ҳәа иазгәеиҭеит.

Аҳҭнықалақь аштаб аилатәара аихшьаалақәа рыла ақалақь ахада аҟәатәи ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рәы ҳазҭоу амчыбжь нҵәаанӡа акарантин алагалара азы адҵа инапы аҵаиҩит.

Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аҳҭнықалақь анапхгара аоперативтә уснагӡатәқәа рыдкыларазы ақалақь аҿы иҟоу асанитар-епидемиологиатә ҭагылазаашьа иацклаԥшны агәаҭара ацҵара азы адҵа риҭеит.

 

Last modified on Ахәаша, 04 Жәабран 2022 14:24