Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АЖЬЫРНЫҲӘАМЗА 31 РЗЫ АДЕПУТАТРАХЬ АКАНДИДАТЦӘА РЫҚӘЫРГЫЛАРАЗЫ АԤШЬГАРАТӘ ГӘЫԤҚӘА ЖӘБА АШӘҞӘЫ ИҬАГАЛАХЕИТ.

Ашәахьа, 31 Ажьырныҳәа 2022 17:37 186

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 31 рзы ашәҟәы иҭагалахеит адепутатрахь акандидатцәа рықәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥқәа жәба. Убас, адепутатрахь акандадатцәас иқәгылоуп:

Инаԥшьба Руслан Антон-иԥа – алхратә ҭыԥхада №7ала (Абиблиотека);

 Ачба Беслан Иура-иԥа - алхратә ҭыԥхада по №7ала  (Абиблиотека);

Арӡынба Таифун Наим-иԥа - алхратә ҭыԥхада №33 ала (Ҭҟәарчал араион актәи);

Косиан Вагаршак Арам-иԥа  - алхратә ҭыԥхада №14 ала (Цандрыԥшьтәи);

Асланӡиа Алхас Оҭар-иԥа - алхратә ҭыԥхада №6 ала ( Абжьаратәи );

Кмузов Аслан Борис-иԥа - алхратә ҭыԥхада № 33 ала (Ҭҟәарчал араион  актәи);

Зыхәба Лаша Анатоли-иԥа - алхратә ҭыԥхада №7 ала (Абиблиотека);

Чачхалиа Иракли Заур-иԥа - алхратә ҭыԥхада № 8 ала (Алашарбага аҳабла);

Абыџба Ахра Хьырбеи-иԥа - алхратә ҭыԥхада №12 ала (Гагратәи).

Зынӡа ажьырныҳәамза 21 инаркны ажьырныҳәамза 31 аҟынӡа ашәҟәы иҭагалахеит  101 аԥшьгаратә гәыԥқәеи хә-политикатә партиаки.

Зегьы реиҳа аԥшьгаратә гәыԥқәа ашәҟәы иҭагалахеит Аҟәатәи алхырҭатә ҭыԥхада №7 ала. Урҭ рхыԥхьаӡара жәба рҟынӡа инаӡоит.  

Адепутатрахь акандидатцәа рықәыргылара азы азин рымоуп Аԥсны аиустициа Аминистрра аҿы ашәҟәы иҭагалоу  аполитикатә партиақәеи алхыҩцәа ргәыԥқәеи. Уи иҟоу Апарламент аилазаара азинмчы анҵәара хәымз шыбжьоу имҩаԥысыроуп.

Last modified on Аҩаша, 01 Жәабран 2022 21:48