Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АԤСНЫТӘИИ УРЫСТӘЫЛАТӘИИ ИҶЫДОУ АҞӘШЕИҴАҚӘА АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АТЕРРОРИСТҾАГЫЛАРАТӘ ЗЫҞАҴАРАҚӘА МҨАԤЫРГЕИТ.

Амҽыша, 30 Ажьырныҳәа 2022 12:37 153

Аҟәа. Ажьырыныҳәамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны-урыстәылатәи атеррористҿагыларатә зыҟаҵарақәа мҩаԥысит Аҟәа ақалақь, Ахақәиҭра Ашҭаҿы (Аԥснытәи АССР Аминистрцәа Реидгылара ԥыхьатәи иблыз ахыбра аҿаԥхьа). Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Амаҵзура, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра, Аҳәынҭқарратә Хьчара Амаҵзура, Урыстәыла Афедералтә Шәарҭадара Амаҵзура рыҟәшеиҵақәа рҟынтәи  500-ҩык инарзынаԥшуа аусзуҩцәа.

Азыҟаҵарақәа реихшьаалақәа ҟаҵо Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Роберт Киут иазгәеиҭеит: «Аԥсны аҭоурых аҿы  раԥхьаӡа акәны аԥсны-урыстәылатәи амасштабтә атеррористҿагыларатә зыҟаҵарақәа еицымҩаԥыргеит. Иарбоу аусмҩаԥгатә раԥхьаӡа иргыланы анҭыҵтәи ашәарҭарақәеи, иара убас аҩныҵҟатәи атеррористтә цәырҵрақәеи рыԥхьырҟәҟәаара азы еиҿкаахеит. Азыҟаҵарақәа ахықәкыхадааны иҟоуп: авиациеи  абронетехникеи рхархәарала шасыс игоу ауаа зыҩноу атеррористцәа иааныркылаз анапхгаратә хыбра ахақәиҭтәра.  Ас еиԥш аусмҩаԥгатә раԥхьаӡа акәны иахьеиҿкааз ҳасаб азуны сара ҳаҟәшеиҵақәа русушьа ибзиоуп ҳәа ахәшьара асҭоит».

Роберт Киут иажәақәа рыла, ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа урыстәылатәи рколлегацәеи, иара убас Аԥсны атәылахьчара Аминистрра архәҭақәеи аҟәшеиҵақәеи алархәны  анхарҭа ҭыԥқәа рааигәара адагьы ашьхарахьгьы амшын аҿгьы аринахысгьы имҩаԥыслоит.

Атеррористҿагылратә зыҟаҵарақәа Аԥсны ажьырныҳәамза 27 инаркны жәабранмза  5, 2022 шықәсанӡа  имҩаԥысуеит.  

 

 

Last modified on Аҩаша, 01 Жәабран 2022 22:09