Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АКУЛЬТУРА АУСБАРҬАҚӘЕИ АСПОРТ АОБИЕКТҚӘЕИ АУСУРАЗЫ АЗИН РОУИТ.

Аҩаша, 25 Ажьырныҳәа 2022 19:39 229

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 25, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа «Аԥсны Аҳәынҭқарра ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 рацәыхьчаразы ауснагӡатәқәа» ирызкны ажьырныҳәамза 25 рзы инапы зҵаиҩыз Адҵа ала, Аԥсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчара Аминистрра ишьақәнарӷәӷәаз аҳәынҭқарратә санитартә-гигиенатә нормақәеи аԥҟарақәеи инарықәыршәаны акультура аусҳәарҭақәеи (акультура аханқәа, атеатрқәа, ацәыргақәҵатә залқәа, амузеиқәа, абиблиотекақәа) аспорт аобиектқәеи (аспорттә, атренажиортәи афитнес-залқәеи, егьырҭ аспорт аобиектқәеи) аусура азы азин роуит.  Аха убри аан агәабзиарахьчара Аминистрра ишьақәыргылаз аҳәынҭқарратә санитар-гигиенатә нормақәеи аԥҟаррақәеи изеиԥшхымԥадатәиу аҭахрақәеи рынагӡара ахәҭаны иҟоуп.

Убри аан иаанкылазаароуп ачаратә, агәырӷьаратә, аныҳәатә, аԥсхәратә, аустә, арлахҿыхратә, даҽа массатә усмҩаԥгатәқәак иарку аҭыԥқәа рыҟны рымҩаԥгара.

Ишьақәыргылоуп абарҭ изеиԥшхымԥадатәиу аҭахрақәа:

1) ауаажәларратә транспорти атаксии рпассаџьырцәа рымҩангаразы амаҵзурақәа рынагӡара аусхк аҟны: 

а) иаанкылазааит хаҭалатәи ахыхьчагатә хархәагақәа (амедицинатә сабрадақәа) зхы иазмырхәо апассаџьырцәа рымҩангара;

б) Иаанкылазааит хаҭалатәи ахыхьчагатә хархәагақәа (амедицинатә сабрадақәа) зхы иазмырхәо амашьынаныҟәцаҩцәа апассаџьырцәа рымҩангаразы амаҵзура анагӡарахь рынашьҭра; 

в) атранспорттә наплакқәа рнапхгаҩцәа иалдыршааит ауаажәларратә транспорт асалонқәа рыҩныҵҟа есҽны изныкымкәа ачымазара гәҽанҵаратә дезинфекциа амҩаԥгара. 

2) ахәаахәҭратә усура аусхк аҟны:

а) Аҟәа ақалақьи Аԥсны араионқәеи рыҟны афатәтә, ақыҭанхамҩатә, ашәҵатәтәы џьармыкьақәа радминистрациақәа ахәаахәҭратә обиектқәеи урҭ ирыҵанакуа адгьылҵакырақәеи рыҟны есҽны ачымазара гәҽанҵаратә дезинфекциа мҩаԥыргалааит; 

б) ишьақәыргылазааит ахәаахәҭҩцәа (аусуҩцәа) рыҩныҵҟа хымԥада ахыхьчагатә хархәагақәа (амедицинатә сабрадақәа, анапҭарԥақәа) рхархәара.

3) ауааԥсыра рзы амаҵзурақәа рымҩаԥгара аусхк аҟны: 

а) еиҭамҵуа ахәаахәҭратә обиектқәа, абылтәыҭаҭәарҭатә станциақәа, ааглыхратәи ауаажәларратәи хыбрақәа зтәу есымчыбжьа (мчыбжьык ахьтә знык еиҵамкәа) урҭ рыҩныҵҟеи ирыҵаркуа адгьылҵакырақәеи рыҟны ачымазара гәҽанҵаратә дезинфекциа мҩаԥыргалааит;   

б) аусурахь инашьҭымзааит ахыхьчагатә хархәагақәа (амедицинатә сабрадақәа) зхы иазмырхәо амаҵзура аусхк аусзуҩцәа.

2022 шықәса жәабранмза 01 аҟынӡа иазирхиааит иагьышьақәирӷәӷәааит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа ралхра амҩаԥгаразы аҳәынҭқарратә санитартә-гигиенатә нормақәеи аԥҟарақәеи;

2) ауааԥсыра адырра рыҭара иацҵахааит акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 рацәыхьчаразы агәҽанҵаратә уснагӡатәқәа инарымаданы;

3) Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадеи Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаареи есҽны акороновирустә ҿкы чымазара COVID-19 аҟнытә алаҵа алаҵара алҵшәақәа рзы адырра рыҭалазааит;

Абжьгарақәа:

1) атәылауаа хаҭалатәи ахыхьчагақәа (амедицинатә сабрадақәа) ныҟәыргалаааит ауаажәларратә ҭыҧқәа рҿы, ауаа рацәа ахьеизо аҭыҧқәа рахь иахьынӡауала имнеиааит;

2) аҳәынҭқарратә напхгарҭақәа ихадоуи аҭыԥантәии русбарҭақәа, аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәеи аиҿкаарақәеи рнапхгаҩцәа, икоммерциатәуи икоммерциатәыми аиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа 60 шықәса ирҭысхьоу аусзуцәа рхы иақәиҭыртәааит акороновирусттә ҿкычымазара аҟынтә авакцина ҟазымҵаз, иара убас зцәа зтәым аҳәса рџьатә маҵзурақәа ҟынтә рхы иақәиҭтәызааит (русура ԥырхага амоуа), руалафахәы еиқәырханы.

 

Last modified on Аԥшьаша, 27 Ажьырныҳәа 2022 20:58