Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

ГӘДОУҬА АРАИОН ПРИМОРСКОЕ АҚЫҬАН ЗЫМЧХАРА 16 МВТ РҞЫНӠА ИНАӠО АСТАНЦИАЕИҴА АРГЫЛАРА ИАЛАГЕИТ.

Аҩаша, 25 Ажьырныҳәа 2022 11:17 141

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 25, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭан зымчхара 16 МВт рҟынӡа инаӡо астанциеиҵа аргылара иалагеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Гәдоуҭа араион Ахадара  Facebook аҟны иҟоу адаҟьа.

Аусура мҩаԥнагоит Ареспубликатә унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч». Астанцеиҵа аусура иалагароуп рашәарамза 2022 шықәса рзы.  

Ареспубликатә биуџьет ахарџь ала иргылоуп аӡхагаларатә станциа ҿыц. Уи Приморское ақыҭауаа ӡыла реиқәыршәара алнаршоит.

Еиԥырҟьоу афымцалашарала аиқәыршәара иахҟьаны ақыҭа 3, 4, 5, 6 абригадақәеи, иара убас Аацы ақыҭеи Алра ақыҭеи ӡыла реиқәыршәара мҩаԥызго ҩ-ӡхагалагак ԥхасҭахеит.

Уажәы аӡхагалагақәа еиҭашьақәыргылоуп, ӡыла аиқәыршәара алыршоуп.

 

Last modified on Аԥшьаша, 27 Ажьырныҳәа 2022 19:54