Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АХАДА ХЫШБА Ф. Ф. ЛЫУАЦӘЕИ ЛҬЫНХАЦӘЕИ ДРЫДЫШШЫЛЕИТ.

Аҩаша, 25 Ажьырныҳәа 2022 16:24 198

Аҟәа Ажьырныҳәамза 25, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Хышба Фатима Филипп-иԥҳа лыуацәеи лҭынхацәеи дрыдышшылеит.

«Хышба Фатима Филипп-иԥҳа лыԥсҭазаара лалҵра инамаданы гәалсра дула срыдышшылоит лыуацәеи лҭынхацәеи.

Фатима Филипп-иԥҳа лнапы злакыз аусҭҵааҩ иусура инаркны Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет анапхгаратә маҵзурақәа руак аҟынӡа аныҟәгара ахьлылшаз лџьатә ԥсҭазаара зегьы иаанарԥшуеит апрофессионализм ҳаракы, аус ацәхьамҵра, есқьынгьы аиаша адгылара. 

Аиуристтә уаажәларра рыҩныҵҟа илымаз набыцра зқәым аҳаҭыр иабзоураны, Фатима Филипп-иԥҳа аҳәынҭқарреи азини рырҿиараҟны илылшаз рацәоуп. Уи лгәаанагара иқәныҟәон аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩцәа. 

Фатима Филипп-иԥҳа Хышба лгәалашәара лаша рыцзаауеит илзааигәоу ауаа, лҩызцәа, лколлегацәа». 

 

 

Last modified on Аԥшьаша, 27 Ажьырныҳәа 2022 19:18