Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫТӘИ АДРАМАТӘ ТЕАТР АСПЕКТАКЛЬ ҾЫЦ «АҼАЦӘ ЛАС» АУС АДУЛАРА ИАЛАГОИТ.

Аҩаша, 18 Ажьырныҳәа 2022 17:13 160

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 18, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ашықәсҿыцтәи аныҳәақәа рышьҭахь С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи адрамтә театр аҿы аусуратә мшқәа  ирылагеит. Иахьа атеатр адиректор Хада Алхас Ҷолокәуа аиҿкааратәии атехникатәи азҵаарақәа рыӡбара иазкны аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит.  

Феисбук аҿы атеатр адаҟьа иану адырра инақәыршәаны, хара имгакәа атеатр аҿы иазԥхьагәаҭоуп Даур Занҭариа 1985 шықәсазы ииҩыз асценари ала аспектакль «Аҽацә лас» ақәыргылара.

«Иҟаҳҵо зегьы, ҳзынио зегьы, ибзиоу аума, ацәгьара аума, зегьы ҳара ҳауп знапы иаку, уи аӡәгьы ихараны иҟам. Ари агәҭакы еилыкка иаанаԥшраны иҟоуп аспектакль «Аҽацә лас», - ҳәа ихатәы идеиа адгалара мҩаԥго иазгәеиҭеит арежиссиор-ақәыргылаҩ Адгәыр Ақаҩба.

Уи ишазгәеиҭаз ала, аспектакль аԥсуа милаҭтә драматә театр аԥҵаразы аҭоурых аҿы раԥхьатәи аҽазышәара иазкхоит. Рыцҳарас иҟалаз, уи трагедиала ихыркәшахеит.

Аспектакль асахьаҭыхыҩ ақәыргылаҩ - Баҭал Џьопуа. Апиеса аԥсуа бызшәахьы еиҭеигеит ашәҟәыҩҩы Даур Наҷҟьебиа.

Аилацәажәара рхы аладырхәит атеатр ацехқәа зегьы рхаҭарнакцәа. Арежиссиор ақәыргылаҩи асценографи рсахьаркыратә гәҭакы анагӡара иадҳәалаз азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.  

Last modified on Ахаша, 19 Ажьырныҳәа 2022 12:50