Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АЖЬЫРНЫҲӘАМЗА 21 ИНАРКНЫ 24-НӠА ИМҨАԤЫСРАНЫ ИҞОУП ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ ИААРТУ АШАХМАТТӘ РАПИД-ТУРНИР «АԤСНЫ. ТАМШЬ-VILLAGE 2022 Ш».

Ашәахьа, 17 Ажьырныҳәа 2022 13:15 150

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 21 – 24 рзы Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль «Аԥсны Open» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысраны иҟоуп Жәларбжьаратәи иаарту ашахматтә  рапид-турнир «АԤСНЫ. ТАМШЬ-VILLAGE 2022».

Атурнир адиректор – Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа Апрезидент Константин Ҭыжәба, аӡбаҩ хада –  Аԥсны Аҳәынҭқарра I акатегориа аӡбаҩ Оҭар Хәырхәмал. 

 

Атурнир ФИДЕ аԥҟарақәа рыла имҩаԥысуеит -  швеицариатәи асистема ала 12 тур, акомпиутертә аҵәҭаԥсара.  Аамҭа агәаҭара: актәи аныҟәара инаркны аныҟәарацыԥхьаӡа 15 минуҭ + 5 секундк.

Атурнир аҿы аиааира згази аԥхьахәқәа згази ахраҿақәа, амедалқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа, ранашьахоит. Атурнир аԥхьахәтә фонд – 500 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ашахматқәа Рфедерациа Апрезидент Константин Ҭыжәба Аԥсныпресс акорреспондент ииҭаз адыррақәа рыла, атурнир алахәхаразы азыҳәамҭақәа аларҵахьеит Аԥснынтәи еиԥш Урыстәыла еиуеиԥшым ақалақьқәа рҟынтәии 60 – ҩык инареиҳаны, ԥшьҩык агросмеистерцәагьы уахь иналаҵаны.  

 

Last modified on Ашәахьа, 17 Ажьырныҳәа 2022 20:52