Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ШӘАРҬАДАРА АМАҴЗУРА АУСЗУҨЦӘЕИ АВЕТЕРАНЦӘЕИ РЗАНААҬТӘ НЫҲӘА РЫДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Ашәахьа, 20 Ԥхынкәын 2021 11:27 326

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәеи аветеранцәеи рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.

«Аҩызцәа афицарцәа! Аҳәынҭқарратә шәарҭадара аусбарҭақәа рузуҩцәа иара убас аветеранцәа  ишәыдысныҳәаларц сҭахуп шәзәанааҭтә ныҳәа!

Шәара ҳтәыла амилаҭтә шәарҭадара, асуверенитет ахьчара шәаҿуп. Шәара шәусура улаҧш иҵашәо иҟаӡам. Аха есҽнытәи шәусура ҳҳәынҭқарра ашәарҭадара аиқәырхара иазкуп», -ҳәа иаҳәоит адныҳәалара аҿы.

Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иҳәеит ҳаҭыр змоу, убри аангьы иуадаҩу азанааҭ ҷыдала азыҟаҵара, ахамегӡара, агәымшәара шаҭаху. Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусбарҭақәа русзуҩцәа ахаангьы иҳараку рзанааҭдырра аҩаӡара аадырҧшуан хьӡи-ҧшеи рыла инарыгӡоз руснагӡатәқәа рыҟны. 

Хықәкыла иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп аветеранцәа, ҳаҭыр зқәу аветеанцәа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аманшәалара».

Аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа раҳәаны, зегьы рнапу злаку аусқәа рыҟны аихьӡарақәа рзеиӷьаишьеит.

 

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 20:49