Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТР АУААԤСЫРА РАХЬ АЗАКӘАНТӘ ШЬАҬА ЗМАМ АМИТИНГҚӘА РХЫ АЛАДМЫРХӘЫРЦ АЗЫ ААԤХЬАРА ҞАИҴЕИТ.

Ашәахьа, 20 Ԥхынкәын 2021 16:11 381

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба ареспублика ауааҧсыра рахь азакәантә шьаҭа змам амитингқәа рылахәхара  мап ацәыркырц азы ааҧхьара ҟаиҵеит.

*** «Ҳаҭыр зқәу Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауаа! Азакәанреи азиеиҿкаареи  атәылауаа зегьы ршәарҭадареи ринтерессқәеи иара рыҧсҭазаареи рыхьчара алзыршоазинтә ҳәынҭқарра апринцип хадақәа иреиуоуп. Арҭ афункциақәа зегьы реиҳарак амилициа иадҵоуп. Иахьа Аҧсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Азакәани Аконституциатә шьақәгылашьеи ииашамкәа азныҟәареи ирызны аусура мҩаҧнагоит.

Иахьа ҳауаажәларратә еилазаара иалоу џьоукы  рыла ауаажәларратә гәаанагара аманипулиациа азура хықәкыс иҟаҵаны инагӡам еицаку аинформациа алаҵәара мҩаҧыргоит. Уи зегьы аҭагылазаашьа акыр аибарххара цәырнагар алшоит. Убри инамаданы, изакәанымкәа имҩаҧысуа амитинг еиҿызкаауа изакәанм амитинг аиҿкааҩцәа иҟалар зылшо ахҟьаҧҟьақә хегьы дара ишрыдҵахо азы агәаҽанызаара ҟанаҵоит...»  

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 20:44