Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

ХЫМЗ РЫЛА АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ШӘАРҬАДАРА АМАҴЗУРЕИ АԤСНЫ ИҞОУ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АФЕДЕРАЛТӘ ШӘАРҬАДАРА АМАҴЗУРА АҲӘААХЬЧАРАТӘ УСБАРҬЕИ РУСЗУҨЦӘА 500- ҨЫК ИНАРЗЫНАԤШУА АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ҲӘАА ЕИЛАЗГАЗ ААНЫРКЫЛЕИТ.

Аԥшьаша, 09 Ԥхынкәын 2021 14:24 97

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Ҳазҭоу ашықәс цәыббрамза инаркны абҵарамзанӡа  Аҧсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедерлтә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭеи русзуҩцәа 500-ҩык инарзынаҧшуа аҳәынҭқарратә  ҳәаа еилазгаз раанкылара алдыршеит, ҳәа иаанацҳауеит Аҧсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аофициалтә саит.

Аҳәаа еилазгаз рганахьала Аҧсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ  324 ахәҭа 1 «Ареспублика Аҧсны аҳәынҭқарратә ҳәаа изакәанымкәа ахысра» инақәыршәаны ашьаусеилыргарақәа хҧа хацыркуп.

Аҧсны азакәанеидкыла ахәҭаҷ 190 «Аҳәаа иаҧну аҵакыра аҿы аҳәаатә режим аилагара», ахәҭаҷ 1901 «Ареспублика Аҧсны Аҳәынҭқарратә ҳәаа арежим аилагара» ала 478 административтә зинеилагарақәа реилыргара хацыркуп. Аҳәаа еилазгаз Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанҧҵара инақәыршәаны админитративтә хараҧса рыдҵоуп.

Иҧхьырҟәҟәаауп еиуеиҧшым атауар изакәанымкәа аҳәынҭқарратә ҳәаа ахгара азы ҩажәа инарзынаҧшуа аҽазышәарақәа. Ирымхуп 2300 рҟынӡа аҭаҭын аалыҵ. Уи ахәҧса азеиҧш еицҵалыҵ 600 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Егьырҭ жәлар рхархәаратә тауарқәа – 1 млн. 500 нызықь мааҭ. Изакәаным аусура знапы алаку ауаа рганахьала Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанҧҵара инақәыршәаны еиуеиҧшым азинтә нырра ауснагӡатәқәа мҩаҧгоуп. 

 

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 16:59