Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

ҲАЗҬОУ АШЫҚӘС 11 – МЗЫ РЫЛА АҲАЗЫЛХРАТӘ ШӘАТӘҚӘА 2 МЛРД 465,2 МЛН МААҬ РҞЫНӠА ИНАӠЕИТ.

Аҩаша, 07 Ԥхынкәын 2021 18:08 104

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аҿы 2021 шықәса 11 мзы рыла инагӡаз аусура аихшьаалақәа ҟарҵеит.

Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы  аинформациа ала, иарбоу апериод ала  аҳазылхратә шәатәқәа рхыҧхьаӡалара ашәагаа 2 млрд 465,2 млн мааҭи рҟынӡа инаӡеит. 11 мзы рзы план ала аконтролтә рбага 1 млрд 936,0 млн мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Убри аан уи 127%  рыла инагӡоуп (+529,2 млн мааҭ).

2020 шықәсазы аиҧш-зеиҧшу аамҭахәҭа иаҿырҧшны уахәаҧшузар, ҳазҭоу ашықәс азы аҳазылхратә шәатәқәа 48% рыла еиҳаны иалагалоуп (2020 шықәса 11 мзы рыла – 1 млрд 600,0 млн мааҭ). 

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 02:44