Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АԤСЕИҚӘЫРХАҨЦӘА АӠИАС ААЛӠГА АҾЫ АԤҲӘЫС ЛЫԤСЫБАҨ РЫԤШААИТ.

Амҽыша, 05 Ԥхынкәын 2021 21:18 106

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Ҭҟәарчал  ақалақь  амцарцәара-еиқәырхаратә ҟәша аусзуҩцәа Ҭҟәарчал араион Полиана аҳабла инхоз, 1966 шықәса рзы ииз Кокоева лыҧсыбаҩ ашьҭыхреи анаҩс уи ҧыхьатәи лынхарҭаҭыҧ аҟынӡа анагареи иазку аусмҩаҧгатәқәа мҩаҧыргоит. 

Абҵарамза 24 инаркны уи лыҧшаара иаҿын аҭыҧантәи азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа. Аха иахьа уи лыҧсыбаҩ Аалӡга аӡиас аҿы ишыҧшаау азы адырра ҟалеит.

Заанаҵтәи аверсиа ала, Кокоева ацаҟьа далҟьаны аӡиас дҭаҳаит, ҳәа иаанацҳауеит Аҧсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 01:38