Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

XIX АШӘЫШЫҚӘСАЗЫ АԤСУА ЕИБАШЬҨЫ ИКӘАЛӠЫМАҬӘА.

Асабша, 04 Ԥхынкәын 2021 10:43 102

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 4, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҿы абар шьҭа 100 шықәса иреиҳау уи аҧсҭаазаара иалагӡаны еизган 250-цыра инарзынаҧшуа аҵәахтәқәа.  Ҳара амузеи хазы игоу артефактқәа рылацәжәара иацаҳҵоит. Ари аматериал аҿы ҳара ҳазааҭгылоит   XIX ашәышықәсазы аҧсуа еибашьҩы икәалӡымаҭәа. 

Ҳара ҳера ҟалаанӡа II - III ашәышықәсақәа рзы акәылӡы адунеи ажәларқәа жәпакы еицырдыруан, уи еилаҧоу аихатә хагьежьқәа рыла иҟаҵоу ахыхьчаратә хәаҭҳа, даҽакала иуҳәозар, ахыхьчаратә абџьармаҭәа акәын. Иҟаҵаз, аха аамҭак ала еихатыруа иҟаз ари аихамаҭәа аибашьҩы иеиҭаҵра акала иаҧырхагамызт, аха убри аан аӷа иаҳәа аҟьара иахҟьаны ахәрақәа раиура аҟынтәи дахьчон. Еиуеиҧшым аамҭақәа рзы еиуеиҧшым ажәларқәа ирымаз акәалӡы ҭеиҭыҧшла, ҟаҵашьала, аҧашьала, ахаргьежьқәа реибаркра, аформақәеи ашәага-загақәеи, уҳәа рыла аиҧшымзаара рыман.

Аҳәынҭқарратә музеи аекспозициа аҿы иҟоу акәалӡы Аҧсны ауп иахьҟаҵаз. Уи аибашьҩы игәышҧы аганахьала ахыци аҳәақәеи рҟынтәи изыхьчо ҵәхыргәыгәла еидгәыҧланы еидҷаҷлоу аихатә харгьежьқәа рыла иалаҟацоу аҧырак змоу  акәалӡы ауп. Иара аганқәа рахь аилаҧара ажәпара акыр имаҷхоит. Амашьхәылқәа маҷк иаархыҳәҳәо амаӷрақәа змаз, ауралагьы аибашьҩы ишьамхқәа рҟынӡа инаӡоз акәалӡы аибашьцәа рхы аҟынтәи акәын ишыршәырҵоз.  Акәалӡы аҵаҟа уи азы ҷыдала ирӡахуаз ачоуҳа иалху ахарҧ ршәырҵон.  Знызынла ахарҧ акәалӡы ахыхь ианыршәырҵозгьы ыҟан.  Аихатә кәалӡы акапан 11 кьыла рҟынӡа инаӡоит.  

Амузеи аҿы ицәыргақәҵоу акәалӡы арратәии аҳәынҭқарратәии аусзуҩ Кац Маан итәын.  Ари акәалӡы ишәҵаны иара Кавказтәи аибашьра далахәын. Амузеи ахь акәалӡы наргеит уи иҭынхацәа.  Акәалӡы анаҩс амузеи аекспозициа аҿы иҟоуп XIX ашәышықәса иаҵанакуа итрадициатәу арратә шәҵатәы егьырҭ атрибуҭқәагьы – акәылӡхылҧа, мамзаргьы аҧынӡар ҳәа изышьҭоу, аҧырак (аҧырага), амашьхәылҵҭарҧа, аҭәа, аҧса. Арҭ амаҭәарқәа зегьы  XIX – тәи ашәышықәса иаҵанакуеит, еиуеиҧшым аамҭақәа рзы еиуеиҧшым ауаа иртәын.

Аекспозициа аҿы ицәыргақәҵоу акәылӡхылҧеи аҧыраки арабтәи атәылақәа рҟынтәи иааган. Аиҧш-зеиҧшу акәылӡхылҧақәа аславиантәи аҭауадцәеи аҳцәеи  аибашьцәеи рҿы иуҧылон. Аҭоурыхҭҵааҩцәа ишазгәарҭо ала, аибашьцәа урҭ ианаархәозгьы ыҟан, ҳамҭасгьы ианроуазгьы ыҟан.   Убас иҟоу акәалӡхылҧа (аманыза) аҵаҟа аибашьҩы ачоуҳатә иқәацәҧшроу ахылҧа ихеиҵон, уигьы аекспозициа аҿы ицәыргақәҵоуп.  Иара акәалӡхылҧа ахаҭа аиха иалхуп, абҩала ихҩоуп, аҭаҧҟарақәа рыла иҩычоуп.

Амузеи акспозициа аҿы ицәыргақәҵоу абҩатә ҧырак (аҧырак) убасҵәҟьа арабтәи атәылақәа руак аҟынтәи иаагоуп. Аџьоуҳар ала ирхиоуп, иаахагьежьны араб бызшәала аҩыра ануп. Уи жәа-жәала ишиашоу еиҭаганы иуҳәозар абри ауп иаанаго: «Ари ар доуҳала ифырхацәаны, аиааира ганы аӡын егьи атәыла аҟынтәи ихынҳәит». Ас еиҧш иҟоу акаллиграфиатә арҽхәара ашәақәа рыҩра атрадициа 400 шықәса раҧхьа  ашах Абасс ихаан аџьамцәа рҿы ишьақәгылеит.

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 01:33