Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АПРОКУРАТУРА АМАЗАРАТӘ КОМПЛЕКС «БАСЛАҬ-АӠФЫМЦАМТӘ СТАНЦИА» АПРИВАТИЗАЦИА АПРОЦЕДУРА АЗАКӘАНРА АИЛЫРГАРА АЗЫ АГӘАҬАРА МҨАԤНАГЕИТ.

Ахаша, 01 Ԥхынкәын 2021 17:27 86

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 1, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны апрокуратура Хада амазаратә комплекс «Баслаҭ-Аӡфымцатә Станциа» априватизациа иадҳәалоу  апроцедура азакәантәра аилыргара азы агәаҭара мҩаԥнагеит.  

Агәаҭара аан ишьақәыргылан анорма-зинтә шәҟәынҵақәа – «Баслаҭ-Аӡфымцатә Станциа амазаратә комплекс азы» 04.03.2020 шықәсазы Аминистрцәа Реилазаара иаднакылаз Ақәҵара №32, иара убас «Баслаҭ-Аӡфымцатә Станциа амазаратә комплекс априватизациа зыхәҭоу аобиектқәа рсиа алагалареи уи априватизациа амҩаԥгаразы аҭагылазаашьақәа ралкаареи рышьақәырӷәӷәареи рзы» 16.04.2020 шықәсазы Аԥсны аминистрцәа Реилазаара иаднакылаз Ақәҵара  №58   23.02.1998 шықәсазы ирыдыркылаз «Аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы» азакәани  11.08.2017 шықәсазы ирыдыркылаз «Афымцамч азы» азакәани еиланагоит, ҳәа адырра ҟаҵнаҵоит Аԥсны Апрокуратура Хада аофицилтә саит. 

«Аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы» азакәан ахәҭаҷ 31 инақәыршәаны, аҳәынҭқарратә мазара иаҵанакуа аҭоурых-культуратә ҭынха аобиектқәа  априватизациа азура азы азин ыҟаӡам. Аҳәынҭқарра иатәу ахатәра асубиектқәа аҭоурых-культуратә ҭынха аобиектқәа рыла аиҭакра Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара-Апарламент аӡбамҭа ала ауп ишышьақәырӷәӷәахо. Уи аҩыза иарбоу ахҭыс аҿы иҟаҵаӡамызт. 

Имҩаԥгаз агәаҭара аихшьаалақәа рыла, ԥхынҷкәынмза 1, 2021 шықәса рзы, «Аԥсны Апрокуратура азы азакәани  административтә аӡбараеиҿкаареи рзы Аԥсны Азакәанеидкылеи  инарықәыршәаны, Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа ахь  иарбоу Ақәҵарақәа ианрыдыркыла нахыс азинмчы зцәыӡыз ҳәа азхаҵаразы административтә зыҳәамҭа дәықәҵоуп.

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 00:27