Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ «СПУТНИК ЛАИТ» АЛА АЛАҴА ҞАРҴАХЬЕИТ 5145 - ҨЫК.

Ашәахьа, 22 Абҵара 2021 10:58 116

Аҟәа. Абҵарамза 22, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Акоронавирустә  ҿкы чымазара COVID-19  аҟынтәи урыстәылатәи авакцина «Спутник Лаит» ала Аԥсны алаҵа ҟарҵахьеит 5145-ҩык. Абри атәы Аҧсныпресс  ахь иаанацҳауеит агәабзиарахьчара Аминистрра.

Иаанхаз 355 доза атәылауаа рревакцинациа ахь идәықәҵахоит.

«Спутник – V» апартиа ҿыц ала авакцинациа азы акампаниа хацыркын абҵарамза 18 рзы, ари аамҭа иалагӡаны алаҵа ҟарҵахьеит 82-ҩык. 

Зынӡа Аҧсны алаҵа ҟарҵахьеит 11727 нызықь-ҩык.

Иахьатәи амш азы акоронавирустә ҿкы чымазара злаҽыз ауаа рзеиҧш хыҧхьаӡара 33 929–ҩык рҟынӡа инаӡоит.  502-ҩык рыҧсҭазаара иалҵит. 27 870-ҩык ргәы бзиахахьеит.

Last modified on Ашәахьа, 03 Ажьырныҳәа 2022 21:17