Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ГӘЫЛРЫԤШЬ АРАИОН АКТИВ АЛАРХӘНЫ АНҬЫҴТӘИ АИЛАЦӘАЖӘАРА МҨАԤИГЕИТ.

Аԥшьаша, 18 Абҵара 2021 17:37 89

Аҟәа. Абҵарамза 18, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Гәылрыҧшь араион актив злахәыз анҭыҵтәи аилацәажәара мҩаҧигеит.

Гәылрыҧшь араион Ахада Аслан Бараҭелиа Аҳәынҭқарра Ахада 10-мыз рыҩныҵҟа имҩаҧгаз аусуразы адырра иҭеит. Уи иажәақәа рыла, араион абиуџьеҭ ахашәалахәытә хәҭа абҵарамза 1 азы  101,6% рыла инагӡоуп.  Аплан ала иарбоу 158 461,7 нызықь мааҭ раан иалагалахаз аҧаратә хархәагақәа рзеиҧш еицҵалыҵ 160 982,2 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит. «Ахатәы хашәалахәқәа планла иарбаз 48 462,5 нызықь мааҭ раан иалагалахаз аҧаратә хархәагақәа идыртәеит 57 988,1 нызықь мааҭ. Иҳаҩсыз ашықәс азы ҳазҭоу ашықәс иаҿырҧшны уахәаҧшуазар, ахатәы хашәалахәқәа ирызҳаит 8 527, 1 нызықь мааҭ рыла», - ҳәа иҳәеит Аслан Бараҭелиа. 

Ашәахтәтәии даҽа шәатәтәқәаки рааимҭақәа идыртәеит 65 524,1 нызықь мааҭ. Планла иарбаз 46 918,0 нызықь мааҭ 139,7% рыла иазҳаит. Араион ахада иара убас амазара азы ашәахтә ада, ашәахтә шәатәқәа ахкқәа зегьы рыла аплантә рбагақәа рынагӡара атәы иҳәеит. «10-мыз рыла аплан – 1 912,8  нызықь мааҭ аан уи анагӡара иартәеит 1 233,3 нызықь мааҭ, мамзаргьы 64,5 %. Ишәам мзыз хадас иамоуп анаплкы дуқәак адгьыл азы ирымшәаз ашәахтәқәа», - ҳәа иазгәеиҭеит Аслан Бараҭелиа. Адгьыл азы ашәахтәқәа ршәара иартәеит 191,6%, аплан аҟны иарбаз 1 667,3 нызықь мааҭ аан ааимҭа иартәеит 3 194,5 нызықь мааҭ.

Аслан Бараҭелиа апроцент аҳаракра зыбзоуроу 2020 шықәсазтәи ауал ашәара шакәу азгәеиҭеит. Ашәахтә шәатәқәа рыхкқәа зегьы рыла ауал азеиҧш еицҵалыҵ абҵарамза 1 азы  иартәеит 24 360 нызықь мааҭ, убрахь иналаҵаны 4 974,6 нызықь мааҭ-ҳазҭагылоу аамҭазы,  19 386,3 нызықь мааҭ- ипроблематәқәоу.

Араион ахада Аҳәынҭқарра Ахада аҧсабаратә рыцҳара ахҟьа-ҧҟьақәа раҧыхра, аепидемиологиатә ҭагылазаашьа, афымцамч ахәҧса ашәара, аинвестициатә Программа анагӡашьа, ацитрусқәа рҽаҩра, уҳәа убас егьырҭ азҵаарақәа жәпакы инарымаданы иҟоу аҭагылазаашьа атәы   изеиҭеиҳәеит. 

Аслан Бжьаниа аусуратә ныҟәарақәа реихшьаалақәа ҟаиҵеит.

Аҳәынҭқарра Ахада иқәгылараҟны иҳәеит:

«Ари ашықәс ганкахьала имариамызт, даҽаганкахьалагьы, атуризм аҿиара инамаданы даара иманшәалан ҳәа уҳәаратәы иҟоуп. Араион аҟны аҧышәа змоу анапхгаҩцәа акыр шықәса аус зухьо ауаа ыҟоуп. Ара иҟаҵоу рацәоуп, ахаҭабзиарагьы амоуп. Аха ауаҩы ибартә иҟоуп ҳалшарақәа раасҭа апроблемақәа шеиҳау. Араионтә биуџьеҭ ахатәы биуџьеҭ 58 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. 100 млн. мааҭ рҟынӡа ареспубликатә биуџьеҭ аҟынтә иааиуеит. Арҭ арбагақәа ахшыҩзышьҭра ашәҭарц сҭахуп, аиҳабыра Гәылрыҧшь араион хылаҧшра арҭом ҳәа шәгәы иаанамгарц азы.  2019-2021 шш. Аинвестициатә Программа ала Гәылрыҧшь араион азы иазҧхьагәаҭоуп 431 миллион мааҭ. Убри аан ари Аинвестициатә Программа шышьақәыргылаз ала, Гал араион азы мааҭгьы арбаӡамызт.  Гәылрыҧшь араион аҟны иҟоуп алшара, раҧхьа инаргылны уааҧсырала. Убри адагьы, иманшәалоуп агеографиа, иуникалтәу амшынҿықәтәи ацәаҳәа. Зҵаараны иҟоу- арҭ алшарақәа хырхәашьас ирыҭатәу ауп. Аҳақьымцәеи арҵаҩцәеи руалафахәқәа урыстәылатәиқәа ирҿырҧшны уахәаҧшуазар, ицәгьамшәа иҟоуп, аха урҭ акырӡа иреиҳазаргьы ҟалон араион аҟны иҟоу алшарақәа зегьы ихшыҩркны хархәара рыҭазар. 

Акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 иадҳәалоу апроблемақәа ртәы ҳҳәозар, аҳәынҭқарра аганахьала миллионла аԥара ақәхарџьуп. Миллиардк ҳазааигәахоит жәлрбжьаратәи аиҿкаарақәеи ҳҩызцәеи рыцхыраара алаҳҵозар.

Уажәы авакцина ҳауит хымԥада алаҵа злазҵараны иҟоу ауааԥсыра ркатегориақәа инарыдҳәаланы азыӡба шьҭаҳхраны ҳаҟоуп. Уи еснагь ауаа рацәа ирыдҳәалоу арҵаҩцәеи аҳақьымцәеи роуп. Агәабзиарахьчара апроблемақәа Ковид аҳәаа иҭыҵуеит, аха уи иахьа хырԥашьа змам ала Аҳәынҭқарра иалшо зегьы ҟанаҵоит. Ахәышәтәырҭақәа аус руеит, иаҭаху ала аиқәыршәара ҳахылаԥшуеит, ҳәарада, аԥара ахьаҳзымхо азы. ҳазхьымӡогьы ыҟоуп,

Араион аҟны ауаа беианы инхозароуп. 28 шықәса ҵуеит аибашьра еилгеижьҭеи, ауаа рыҧсҭазаашьа еиӷьзар рҭахуп, уи еилкаауп жәаҳәарада.  Амҩақәеи аӡи рыла иахьеиқәҳаршәо - уи бзиоуп. Аха џьоукы ахаҳәтә шәышықәсахь архынҳәра ҳаҿуп рҳәеит. Сара уи алҵра ҳаҿуп ҳәа исыҧхьаӡоит. Ииашоуп, уи ус имариаӡам, аха ҳамчқәа еибаҳҭароуп.

Афымцамч ахәҧса ашәара атәы ҳҳәозар, шәааи ҳазҵаап, Гәылрыҧшь араион аҟны аҧсҭазаара аҩаӡара Очамчыра араион аҟны аасҭа еиҳаума?

Сара еиҵаӡам ҳәа сгәы ианагоит. Ус иҟамлароуп, Очамчыра араион аҟны афымцамч ахәҧса аизгаразы аҭагылазаашьа шәара шәыҟнеиҧш иҟоуп. 600 мааҭ ҳәа анорма шьақәыргылан аҧхьаӡагақәа змам рзы. Еизгазма ҩнаҭацыҧхьаӡа рыҟны убри а-600 мааҭ?

Аҳәынҭқарра Ахада араион анапхгаҩы идиҵеит афымцамч ахәҧса аизгара аизырҳара. «Алҵшәа ахьыҟамло, иаанаго акоманда ааҧсара ауп, ус анакәха иҧсахтәуп. Аӡын ааигәахеит, сынтәа иаҳзоужьыз алимит нҵәеит, ҳҩызцәа ҳрыҳәароуп 1 млрд Квт/с ҳарҭарц азы. Ҵыҧх сара Москва сцеит, срыҳәеит азы ацхыраара ҳарҭеит. Еиҭа ҳрыҳәароуп, аха ҳааҟәымҵӡакәа ҳазрыҳәалаӡом».  

 

 

Last modified on Ашәахьа, 03 Ажьырныҳәа 2022 19:56