Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ЗУРАБ АГӘМАА АԤСНЫ ЗҼАԤСАЗТӘЫЗ АЗИНДЫРҨЫ ҲӘА АҲАҬЫРТӘ ХЬӠЫ ИАНАШЬАХЕИТ.

Ахаша, 17 Абҵара 2021 20:05 77

Аҟәа. Абҵарамза 17, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Азакәанреи азинеиҿкаареи рырӷәӷәара аҿы илагалеи, атәылауааи аиҿкаарақәеи рзакәантә интерессқәеи рзинқәеи рыхьчареи, иҳараку азанааҭдырра аҩаӡареи рзы «Аҧсны зҽаҧсазтәыз азиндырҩы» ҳәа ахьӡ ҳарак ианашьоуп Агәмаа Зураб Михаил-иҧа. Уи азы абҵарамза 17  рзы Аусҧҟа инапы аҵаиҩит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

Зураб Агәмаа - Аҧсны Аҳәынҭқарра Абжьаҟазаратә Ӡбарҭа аӡбаҩ. Еиуеиҧшым ашықәсқәа рзы уи аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы, Аҟәа араион ахада, Аҧсны Аҳәынҭқарра арратә прокурор, Аҧсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа Ахантәаҩы, уҳәа амаҵураҭыҧқәа ааникылон.    

 

Last modified on Ашәахьа, 03 Ажьырныҳәа 2022 17:07