Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АБАЗАА РЫМҨАҾЫ АРГЫЛАРҬАТӘ ҬЫԤҚӘА ҞАЛОИТ.

Ашәахьа, 08 Абҵара 2021 11:19 155

Аҟәа. Абҵарамза 8, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба Абазаа рымҩаду аҿы ацәхыҧқәа рышьақәыргылара шымҩаҧысуа гәеиҭеит. Аҳҭнықалақь Ахадара есышықәса автомашьынақәа рхыҧхьаӡара аизҳара инамаданы аҟәатәи амҩадуқәа рықәыӷәӷәара ҳасаб азуны ари амҩаду аҿы аргылараҭақәа реиҿкааразы аӡбамҭа аднакылеит, ҳәа иаанацҳауеит Аҟәа ақалақь Ахадара апресс-маҵзура.

Абазаа рымҩаду аҿы ацәхыҧқәа рышьҭаҵара иадҳәалоу аусурақәа мышқәак рышьҭахь ихыркәшахоит.

Амҩаду зегьы иахьаҵанакуа агыларҭақәа рышьақәыргылара азҧхьагәаҭоуп, ҳәа иҳәеит Анхара-коммуналтә Нхамҩа Адепартамент анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Руслан Аҩӡба.

Аҟәа ақалақь амҩаду хадақәа хҧа – Џьонуа, Гәлиа, Абазаа рымҩадуқәа рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахыркәшамҭахь инеихьеит. Урҭ 2020-2022 шш. Аинвестициатә Программа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуан. Акоммуникациатә каҭақәа, аӡымҩангага, ацрыӡмҩангага, аҩаршьҭрақәа рыҧсахра мҩаҧгоуп.  Ааигәа арҭ амҩадуқәа рҿы акаҭран шьҭаҵахоит.  

 

 

Last modified on Аԥшьаша, 11 Абҵара 2021 19:32