Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ШЬОҬА САЛАҞАИА ИԤСЫЖРА АИҾКААРАЗЫ АКОМИССИА АԤҴОУП.

Ашәахьа, 08 Абҵара 2021 17:46 503

Аҟәа. Абҵарамза 8, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз анаука аусзуҩ, Зҽаҧсазтәыз акультура аусзуҩ, Аҧсны Аҳәынҭқарра иреиҳаӡоу ашкол Зҽаҧсазтәыз аусзуҩ, Аҧсны Аҳәынҭқарра ажурналистцәа Реидгыла алахәыла, Асовет Еидгылеи Урыстәылеи ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа алахәала, афилологитә наукақәа рдоктор, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә Университет апрофессор, Аҧсны анаукақәа Ракадемиа академик, Адыгатәи (Черкестәи) Жәларбжьаратәи анаукақәа Ракадемиа академик, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Г.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҧсны аҳәынҭқарратә премиа алауреат, анаука аусхкы аҿы Г.А.Ӡиӡариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа аиуразы Акомиссиа Ахантәаҩы, «Ахьӡ-Аҧша» аорден II аҩаӡара акавалер Салаҟаиа Шьоҭа Хьыч-иҧа иҧсҭазаара алҵра инамаданы, Аҧсны аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб иҭижьыз Ақәҵара ала аҧсыжра аиҿкааразы Акомиссиа аҧҵоуп. Акомиссиа ахантәаҩыс дамоуп Аҧсны анаукақәа ракадемиа Апрезидент Зураб Џьопуа. 

 

Алахьеиқәҵаратә митинг мҩаҧгахоит абҵарамза 9 рзы Аҟәа ақалақь арҵаҩы Иҩны аҿы. Уи алагоит асааҭ 13:00 рзы. 

 

 

Last modified on Аԥшьаша, 11 Абҵара 2021 19:27