Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА АҲАҬЫРТӘ ХЬЫӠҚӘА РАНАШЬАРА АЗЫ АУСԤҞАҚӘА ИНАПЫ РЫҴАИҨИТ.

Асабша, 06 Абҵара 2021 17:24 119

Аҟәа. Абҵарамза 6, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада аҳаҭыртә хьӡқәа ранашьаразы Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит.

 Аҧсны амузыкатә ҟазара аҿиараҟны ллагамҭазы «Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз артист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы лыхҵоуп  ЏЬЕНИА  Есма Виктор-иҧҳа – Р.Џь. Гәынба ихьӡ зху Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асахьаркыратә напхгаҩы;    

«Арҵаҩратә усураҟны, изызҳауа абиҧарақәа аҵара дырҵараҟны, рааӡараҟны рылшамҭақәа рзы «Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз арҵаҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵоуп АШӘБА Белла Платон-иҧҳа – С.П.Басариа ихьӡ зху Очамчыратәи ашкол-интернат адиректор, ДОЧИА Наҭелла Павел-иҧҳа – Аҟәа ақалақь абжьаратәи ашкол №15 англыз бызшәа арҵаҩы;

«Аҵараиура асистема аҟны шықәсырацәалатәи иџьазы, изызҳауа абиҧарақәа аҵара дырҵараҟны, рааӡараҟны илагамҭазы  «Ахьӡ-Аҧша аорден III аҩаӡара ианашьоуп  БЖЬАНИА Владимир Тышь-иҧа».

 

Last modified on Аԥшьаша, 11 Абҵара 2021 19:19