Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АПАРЛАМЕНТ АДЕПУТАТЦӘА ГАРРИ КОКАИЕИ АЛАСХАН АРӠЫНБЕИ АКАССАЦИАТӘ ИНСТАНЦИА АӠБАРҬА АХЬ АРЗАҲАЛ АЛАРҴЕИТ.

Ахәаша, 05 Абҵара 2021 17:06 150

Аҟәа. Абҵарамза 5, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Абҵарамза 5 рзы Апарламент адепутатцәа Гарри Кокаиеи Алмасхан Арӡынбеи рыхьчаҩцәа рҟынтәи Аҧсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа ашьаусеилыргарақәа рзы акассациатә коллегиа  ахь  Аҧсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа аӡбаратә коллегиа жьҭаарамза 18, 2021 шықәса рзы иҟанаҵаз алкаа азы акассациатә ашшабӷьыцқәа нагахеит. 

Аҧсны  Аҳәынҭқарра  Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа аҿы Аҧсныпресс акорреспондент иоуз адыррақәа  рыла, акассациатә ашшабӷьыцқәа равторцәа ргәаанагарала Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа аӡбаратә коллегиа Аҧсны Аҳәынҭқарра аматериалтә апроцесуалтәи закәанҧҵара аилагалара, иҟалаз ахҭыс аҭагылазаашьақәа зегьы ҳасаб азымуӡакәа, Апрокуратура Хада иаанагаз ашьақәырӷәӷәарақәа мацара шьаҭас иҟаҵаны Апарламент адепутатцәа рхымҩаҧгашьа аҿы ацәгьоура аҟазшьа аныҧшуеит ҳәа аӡбамҭа рыдыркылеит. 

Жьҭаарамза 18, 2021 шықәсазы Аҧсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа аӡбаратә коллегиа, цәыббрамза 30, 2021 шықәса рзы иҟалаз ахҭысқәа рзы Апрокуратура Хада аусдгалара иахәаҧшны адепутат Гарри Кокаиа ихымҩаҧгашьа аҿы Аҧсны  Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ  207 ахәҭа 1 (Амбжьахра, абџьар ахархәарала ауаажәларратә ҭышәынтәалара аилагара), иара убас  ахәҭаҷ 321 ахәҭа 1 (Амчра ахаҭарнак ихьӡ аларҟәра, ишакум изныҟәара) инарықәыршәаны, ацәгьоура аҟазшьақәа аныҧшуеит ҳәа аӡбамҭа аднакылеит. Алмасхан Арӡынба ихымҩаҧгашьа аҿы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 207, ахәҭа 1 (Амбжьахра), ахәҭаҷ 217, ахәҭа 1 (иҭҟьо абџьар изакәанымкәа аахәара, аҵәахра, аныҟәгара) инақәыршәаны убасҵәҟьа ацәгьоура аҟазшьақәа аныҧшуеит ҳәа ишьақәнарӷәӷәеит.

Аусеилыргара-процессуалтә закәанеидкыла инақәыршәаны, аус акассациатә еилыргара хацыркызароуп акассациатә инстанциа аӡбарҭа ахь ашшабӷьыцқәа аннеи инаркны 30 усуратә мшы ирхымгакәа.

 

Last modified on Аԥшьаша, 11 Абҵара 2021 18:58