Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСЛАН БЖЬАНИЕИ АЛЕҚСАНДР НОВАКИ АԤСНИ УРЫСТӘЫЛЕИ РЫБЖЬАРА АУСЕИЦУРА ИАДҲӘАЛОУ АКТУАЛРА ЗЛОУ АЗҴААРАҚӘА ЖӘПАКЫ ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Аԥшьаша, 28 Жьҭаара 2021 13:13 239

Аҟәа. Жьҭаарамза 28,  2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москва иусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Урыстәылатәи  Афедерациа аԥыза-министр Ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Новаки иареи реиҧԥылара.

Аслан Бжьаниеи Алеқсандр Новаки Аԥсны Аҳәынҭқарра фымцамчла аиқәыршәара аиӷьтәразы Амҩатә хсаалеи газла аиқәыршәареи рзы асхьема хада азырхиареи ирызкыз азҵаатәҭқәа, иара убас аԥсны-урыстәылатәи аганқәа русеицзура иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

Аиԥылара иалахәын Аԥсны Ахада Иусбарҭа  Анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Валери Папба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина  Озган.

 

 

 

 

 

 

Last modified on Ахәаша, 29 Жьҭаара 2021 19:34