Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АМИНИСТРЦӘА РЕИЛАЗААРА АҾЫ АЕЛЕКТРОНТӘ НАПЫНҴА АХАРХӘАРАЗЫ АԤҞАРА ШЬАҚӘДЫРӶӘӶӘЕИТ.

Аԥшьаша, 28 Жьҭаара 2021 13:57 282

Аҟәа. Жьҭаарамза 28, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарратәии аҭыԥантәии анапхгаратә усбарҭақәа рыбжьара аелектронтә еимадара азы аелектронтә напынҵа азы алшара роуеит. Аминистрцәа аелектронтә напынҵа ахархәара азы аԥҟарақәа шьақәнарӷәӷәеит.

Ақәҵара апроект адгалара мҩаԥго, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба ари иҿыцу алагала абиуџьеттә процесс аиӷьтәра иазкуп ҳәа иазгәеиҭеит. Аусшәҟәы аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи анапхгараҭарақәеи аелектронтә напынҵа рхархәара азы азинтә шьаҭақәа раԥҵара иазырхоуп.

«Иахьа аԥышәатә проект ыҟоуп, уи афинансқәа Рминистрра аҿы инагӡахоит. Аелектрон-цифратә напынҵа, аҿырԥшы аҳасабала иҳаухьеит. Шықәсык иалагӡаны уи аус адулара мҩаԥысуан.  Уи маҷк ада ихыркәшоуп, алагаларагьы қәҿиарала имҩаԥысып ҳәа агәаанагара ҳамоуп», – ҳәа иҳәеит Владимир Делба.

Аелектронтә напынҵа алагалара азы, уи иажәақәа рыла, ацифратә напынҵа азы Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны анорма-зинтә шәҟәынҵақәа рыдкылара ахәҭоуп. Ақәҵара адкылара ашьҭахь анаҩстәи етапны иҟалоит уи азы азинмчы змоу аусбарҭа ала анорма-зинтә шәҟәынҵақәа рыдкылара. Владимир Делба иажәақәа рыла, иааиуа ашықәс азы иарбоу алагала инарҭбааны ахархәара аиуеит.  

«Ари аусшәҟәқәа реиқәыршәареи адыррақәа рыла аимадареи иадҳәалоу апроцесс акыр иармариароуп. Аелектронтә напынҵа ала  аелектронтә усшәҟәқәа рырҵабыргра азы алшара ҟалоит, уи абиуџьеттә харџьқәа рыхәҭак реиҵатәразы алшара аԥнаҵоит», - ҳәа алкаа ҟаиҵеит атәыла афинансқәа Рминистрра ахада.

Апроект атехникатә дгылара анаҭоит Аԥсны Аҳәынҭқарра анапхгаратә еимадара азы Амаҵзура.  Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб ари алагала ҿыц иаҵоу аҵакы ахадара инаҵшьны иазгәеиҭеит. «Аамҭа ҳҽақәыршәаны ҳцалароуп. Да мҩакгьы ыҟаӡам»,- ҳәа иҳәеит Алеқсандр Анқәаб.

 

Last modified on Ахәаша, 29 Жьҭаара 2021 20:05