Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСЛАН БЖЬАНИЕИ ДМИТРИ КОЗАКИ АԤСНИ УРЫСТӘЫЛЕИ РЫБЖЬАРА АУСЕИЦУРА ИАЗКУ АЗҴААРАҚӘА ЖӘПАКЫ ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Аҩаша, 26 Жьҭаара 2021 21:40 209

Аҟәа. Жьҭаарамза 26, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Москва имҩаԥысит  Аԥсны  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа  анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри  Козаки реиԥылара.

Ирылацәажәан Аԥсни Урыстәылеи  рыбжьара аусеицзура иазку азҵаатәқәа жәпакы, ҷыдала, 2022-2025шш. рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциалтә-економикатә аҿиара иазку азҵаарақәа.

Аиԥылара иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Валери Папба, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина  Озган.

Last modified on Ахаша, 27 Жьҭаара 2021 21:15