Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АШӘҬҚӘА АҲАСКЬЫН АҾЫ.

Аҩаша, 26 Жьҭаара 2021 15:39 206

АШӘҬҚӘА АҲАСКЬЫН АҾЫ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 26, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 22, 1992 шықәса рзы ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа ирыблит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи алитературеи аҭоурыхи рзы Аԥснытәи Аинститути Аԥсны аҳәынҭқарратә архиви. Аԥсны арҭ ахҭыс хлымӡаахқәа «ареспубликеи аԥсуа жәлари ркультуреи рнауки ргеноцид» ҳәа иашьҭоуп.

Усҟан Аҳәынҭқарратә архив аҿы 673 фондқәа рҿы 176 343 ус ҵәахын. Амца иалаблит Аԥснытәи аҭҵаара-дырратә Институт аҿы иҟаз анаукатә усумҭақәа, иуникалтәу аҭыжьымҭақәеи анапҩырақәеи.  

Аинститут ахыбра Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәеи Академик Марр имҩадууи рыгҿахасырҭа аҿы (уаанӡа Ф. Енгельс ихьӡ зхаз амҩаду) игылан.  Иблыз ахыбра шьаҭанкыла иқәган аибшьра ашьҭахь шлықәсқәак рышьҭахь. Уажәы уи аҭыԥ аҿы адәҳәыԥш ыҟоуп.

Жьҭаарамза 22 рзы Аԥсуаҭҵааратә Институт аусзуҩцәа ари адәҳәыԥш ахь иааины араҟа 29 шықәса раԥхьа иҟалаз атрагедиа агәалашәара азы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.  

Ҳара ақалақь ауааԥсыра ари аҭыԥ аҿы иҟаз атәы шыргәалашәо еилаҳкаарц ҳҭаххеит. Ҳара амшын аԥшаҳәа ахь ҳнеины араҟа инеи-ааиуаз ауаа ҳрызҵаауа ҳалагеит.  Аибашьра ҟалаанӡа араҟа игылаз ахыбра арбану ҳәа аҿар ираҳҭаз азҵаара аҭак аӡәгьы изыҟамҵаӡеит, аха аиҳабацәа иреиуоу ауааԥсыра аҭак аҟаҵара акыр иаруадаҩзаргьы, уеизгьы ҩыџьа раҟара уи аҭак ииашаны иҟарҵеит.  

Имҩаԥгаз ауааԥсыра разҵаара ҳара ас еиԥш аҵакы хадара злаз ахыбра ахьчара залмыршахазаргьы, ма уи азы агәалашәара амырӡра азы иҟаҵатәууи ҳәа ахшыҩҵак ҳазцәырҵит. Ас еиԥш аԥышәа адунеи аҿы алаҵәара амоуп, атәылақәа жәпакы рҿы иахьанӡа еиқәырханы изыҟамлаз аҭоурыхтә, аҵакы ду зҵоу ахыбрақәа ахьгылаз аҭыԥқәа рҿы амемориалтә хаҳәқәа, мамзаргьы ари аҭыԥ аҿы игылаз ахыбра атәы иааркьаҿны изҳәо адырранҵа зну амемориалтә ӷәы шьақәыргылахоит. Ҳара ҳҿгьы, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи алитературеи аҭоурыхи рзы Аԥснытәи Аинститути Аԥсны аҳәынҭқарратә архиви ахьгылаз аҭыԥ аҿы Аинститути уи аҿы аус зуаз еицырдыруаз аҵарауааи ртәы зҳәо аинформациа зну аграниттә баҟеи астенди шьақәыргылазар еиҳа ииашахон.   Ари Аинститут аҿы ишдыру еиԥш, аус рухьан Гьаргь Ӡиӡариа, Шьалуа Инал-Иԥа, Владислав Арӡынба, Иури Воронов. 

Ас еиԥш аҵак ду змоу ҳҭоурых адаҟьақәа ргә́алашәареи еиҵагыло абиԥарақәа рызнагареи хымԥадатәиуп. Урҭ ари ахыбра анықәгаз ашьҭахь иизаргьы, ақалақь аҿы ас еиԥш аҵак ду змоу аҭыԥқәа ртәы дарбанызаалак хымԥада идыруазароуп.

 

 

Last modified on Ахаша, 27 Жьҭаара 2021 20:51