Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА МОСКВАТӘИ ИУСУРАТӘ НЫҞӘАРА АИХШЬААЛАҚӘА РЗЫ: ИЗЛАЦӘАЖӘАЗ АЗҴААРАҚӘА ЗЕГЬЫ РҾЫ АИЛЫБАКААРА БЖЬАҴОУП.

Аҩаша, 19 Жьҭаара 2021 14:30 185

Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Москватәи иусуратә ныҟәара аихшьалақәа ҟаиҵеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыреи Апсныпресси ржурналистцәа Москватәи иусуратә ныҟәара аихшьалақәа ртәы рзеиҭеиҳәеит. 

Аҳәынҭқарра Ахада ивизит аҳәаақәа (жьҭаарамза 8 -16 рзы) ирҭагӡаны урыстәылатәи ачынуаа дуқәа рԥылараан азҵаарақәа жәпакы дрылацәажәеит. Ихадароу зҵаараны иҟалеит зымҽхак дуу Аԥсны 2025 шықәсанӡа асоциалтә-економикатә ҿиара апрограмма ҿыц. Апрограммаҟны ихадараны иҟоуп аекономика аусхк аҳәынҭқарратә дгылара аҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа, ҷыдала, абизнес маҷи ибжьаратәу абизнеси, ақыҭанхамеи, ааглыхреи. Иара убас апрограмма иазԥхьагәанаҭоит абиуџьет иаҵанакуа ихадоу акатегориақәа руалафахәқәа рышьҭыхразы афинанстә цхыраара. 

«Ари ашьҭыхра есышықәса имҩаԥысуеит, уи иацҵатәуп. Урыстәылатәи агани ҳареи аицәажәара ҳабжьоуп 2025 шықәсазы Краснодартәи атәылаҿацә абжьаратә уалафахәы аҩаӡараҟынӡа ашьҭыхразы, уи 40 нызқь рҟынӡа иҟалоит», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аԥсны 2025 шықәсанӡа асоциалтә-економатә ҿиара апрограммаҟны акрызҵазкуа хәҭаны иалоуп  «АА Аԥсны асоциалтә-еккономатә ҿиара ацхрааразы аинвестициатә программа» амҽхак арҭбаара. Уажәы аинвестпрограмма иазԥхьагәанаҭоит шықәсык 1 млрд 350 млн мааҭ афинансзоужьра. Аԥсны 2025 шықәсанӡа асоциалтә-економикатә ҿиара апрограмма ҿыц аҟны иҟалоит ашәахтәқәа напхгара рыҭара асистема аԥҵара ацифратә технологиақәа рхархәарала. 

«Ари иаҭаххо ахарџь маҷӡам, аха ашәахтәқәеи аҳазатә ааимҭақәеи напхгара рыҭара аганахьала иаагәауҭартә аекономикатә лыҵшәа анаҭоит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аԥсны 2025 шықәсанӡа асоциалтә-економикатә ҿиара апрограммаҟны иҟоуп иара убас аҵак ду змоу даҽа зҵааракгьы – уи абизнес альготатә кредит аҭароуп. «Ари аҩыза апрограмма шықәсқәак аус ауан ҳара ҳҿы. Уи ашәагаа усҟан 1 млрд 200 млн мааҭ артәеит. Уажәы урыстәылатәи аган аҿаԥхьа ари амҽхак аизырҳаразы азҵаара ықәҳаргылеит», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Иара убас ишьҭыхын афымцамч инадҳәаланы «амҩатә хсаала» апунктқәак рынагӡара азҵаара. Уи   инықәырԥшны 4,7 млрд мааҭ ақәхарџьтәхоит. Абри аицҵалыҵ азхкхоит афымцамч ахархәаҩцәа зегьы рхы иадырхәо афымцамч арбагақәа ашәҟәы иҭазгало амыругақәа раахәареи рықәыргылареи. Урҭ шәнызқь раҟара ҟалоит Аԥсны. Ари апроект инықәырԥшны 2 млрд мааҭ иаԥсахоит. Иаанхо аԥара афымцакаҭатә нхамҩа аиҭашьақәыргылара иазкхоит. «Зыӡбахә ҳҳәо мҽхакы ҭбаала аиҭашьақәыргылара акәӡам, ҳара ҳазлацәажәо хара имгакәа афымцамч зҭагылоу акризис алгароуп.  Арҭ аусмҩаԥгатәқәа афымцасистема еиԥҟьарада аусура рылдыршоит, хархәара зауа афымцамч ахылаԥшразы аҭагылазаашьа аԥырҵоит», –  ҳәа иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Иара убас Москва иалацәажәан афымцасистема зҵоу аидара аҵхра хықәкыс иҟаҵаны, акриптовалиута арҳара знапы алаку рзы атехнопарк аԥҵара азҵаара. «Ари аганахьала аусура мҩаԥысуеит. Азҵааразы аҵыхәтәантәи азыӡбақәа рыдыркылоит жьҭаарамзеи-абҵарамзеи рзы», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Ирылацәажәан иара убас аинфраструктуратә проектқәа, аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза аартра апроектгьы убрахь иналаҵаны. Аԥара азоужьуп. Аҳаиртә баӷәаза аиҭашьықәыргылара иазку апроект аекспертиза иахысит, ихиахоит жьҭаарамза 2022 шықәсазы», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа. Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра иазхиоуп Аԥсны газла аиқәыршәара иазку апроектгьы. Уи анапаҵыҩра мҩаԥгахоит иааиуа амчыбжьқәа рзы.

 

Москва ишьҭыхын иара убас ҳара ҳзы аҵак ду змоу, Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа ахысра армариара азҵаара. «Аилкаара ыҟоуп. Документқәак азырхиатәуп, избанзар уи аӡбара знапы иану аусбарҭақәа рацәоуп. Ари азҵаара ашәарҭадара азҵаарагьы иадҳәалоуп аҟнытә, изықәныҟәатәу аԥҟарақәа ыҟоуп», – ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада. Аслан Бжьаниа иацҵаны иҳәеит Москва излацәажәаз азҵаарақәа зегьы рзы аилкаара шалыршоу. Иара убас иара иҳәеит Аинвестпрограмма хышықәса ишымҩаԥысуаз, уажәтәи сынтәа ишхыркәшахо. Иҿыцу апрограмма амҽхак еиҳахоит, иаҵанакуа ахырхарҭақәагьы. «Ҳара ҳазҿу Аинвестпрограмма мацара акәӡам, ари аҿиара апрограмма ауп. Уи амҽхак еиҳа иҭбаауп, афинанстә рбагақәа рылагьы еиҳахоит. Зегьы ҳалшап ҳәа сгәы иаанагоит», – ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

Москва Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа  атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу диԥылеит.  Аиԥылараҟны ирылацәажәан арратәи арра-техникатәи усеицура адагьы аекономика аҿиаразы аҵак ду змоу аинфраструктуратә проектқәа жәпакы. Убарҭ рыҩныҵҟа иҟоуп аҳаиртә баӷәаза, автомашьына мҩа, Кәыдрытәи аҩхаа атоннельқәа ҩба реиҭашьақәыргылара, Гәмысҭа ацҳа аиҭашьақәыргылара азҵаарақәа.

 

 

 

 

 

Last modified on Ахаша, 20 Жьҭаара 2021 17:07