Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ АБАНК АԤСАР АԤАРАҾЫРԤҚӘА ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АКОНКУРС АҾЫ АҨБАТӘИ АҬЫԤ ААННАКЫЛЕИТ.

Аԥшьаша, 14 Жьҭаара 2021 13:54 202

Аҟәа. Жьҭаарамза 14, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. «Аиааира 75-шықәса ахыҵра» ҳәа хыс измоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә гәаларшәагатә ԥараҿырпы XV аԥараҿырпқәа жәларбжьаратәи аконкурс  «Аԥараҿырпы еҵәаџьаа»  аҿы «Иреиӷьу асахьаркыратә ӡбамҭа» аноминациа ала аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит.

«Аԥараҿырпы еҵәаџьаа» – ари Урыстәыла имҩаԥысуа жәларбжьаратәи агәаларшәагатә ԥараҿырпқәа  рконкурс ауп.  Шықәсырацәатәи аҭоурых иалагӡаны уи адунеи аҿы зегьы реиҳа зыхьӡ нагоу акакәны иҟалеит. Аконкурс аиҿкааҩ – Аҭыжьратә ҩны «Уотер Марк» ауп.

2021 шықәсазы имҩаԥысуа «Аԥараҿырпы еҵәаџьаа» алахәылацәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: ART MINT (Франциа), Венгертәи аԥараҿырԥыҟаҵарҭа, Италиатәи аԥараҿырпыҟаҵарҭа,  Австриа  Акралтә ԥараҿырпыҟаҵарҭа, Нидерландтәи Акралтә ԥараҿырпыҟаҵарҭа, Польшатәи  аԥараҿырпыҟаҵарҭа,  Парижтәи аԥараҿырпыҟаҵарҭа, Литватәи аԥараҿырпыҟаҵарҭа,   Бельгиатәи аԥараҿырпыҟаҵарҭа,  иара убас Канада Акралтә ԥараҿырпыҟаҵарҭа, Швеицариа Афедералтә ԥараҿырпыҟаҵарҭа, Алада-Африкатәи ԥараҿырпыҟаҵарҭа;Урыстәылатәи Афедерациа Абнк Хада, Латвиа Абанк, Изриль Абанк, Польша Абанк, Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә Банк, Венгриа Абанк Хада, уҳәа убас егьырҭгьы.

Аԥсны Абанк агәаларшәагатә ԥараҿырпы 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш  75-шықәса ахыҵра иазкуп. Уи авторс дамоуп асахьаҭыхҩы  Баҭал Џьапуа, аԥараҿырпы Гознак иатәу Москватәи аԥараҿырпыҟаҵарҭа аҿы иԥҟоуп.

Аԥараҿырпы ареверс аҿы иануп арратә фоторепортиор С. Коротков иҭыхымҭа «Ан». Уи 1942 шықәса Севастополь агаразы фырхаҵарала иҭахаз лыҷкәын Алеқсеи Аршба ифотосахьа зку аԥсуа ԥҳәыс Марушьа Ԥачлиа лсахьа ауп.

 

 

Last modified on Ашәахьа, 18 Жьҭаара 2021 19:04