Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АУС ЗУА АРРАТӘ МОБИЛТӘ ХӘЫШӘТӘЫРҬА АҞЫНТӘИ ИЛЫРҨААИТ ЗГӘЫ БЗИАХАЗ 200-ҨЫК АПАЦИЕНТЦӘА.

Аҩаша, 12 Жьҭаара 2021 11:12 139

АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АУС ЗУА АРРАТӘ МОБИЛТӘ ХӘЫШӘТӘЫРҬА АҞЫНТӘИ ИЛЫРҨААИТ ЗГӘЫ БЗИАХАЗ 200-ҨЫК АПАЦИЕНТЦӘА.

Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь асасааирҭа «Аиҭар» иахьаҵанакуа  нанҳәамза 18 инаркны аус зуа арратә мобилтә хәышәтәырҭа Аԥсны аусура аамҭа иалагӡаны арратә ҳақьымцәа зықьҩык апациентцәа рыдкылара рылдыршахьеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Алада-Урыстәылатәи арратә Округ апресс-маҵзура.

Уажәы ари ахәышәтәырҭа аҿы астационартә хәышәтәра иахысуеит  98–ҩык апациентцәа. Згәы бзиахахьоу 238-ҩык  инареиҳаны апациентцәа ахәышәтәырҭаҿы иахәҭоу амедицинатә цхыраареи анаҩстәи абжьгарақәеи анроу ашьҭахь илҩааны рыҩныҟақәа рахь идәықәҵахеит. Зегьы  иҩынтәны имҩаԥгаз алаборатортә комплекстә  ҭҵарақәа  рыла ачымазара ҿкы  шрылаҽым еилкаахеит.

Ачымазцәа ареспублика араионқәа зегьы рҟынтәи арахь иааргоит ирласу амедицинатә цхырааразы амашьынақәа рыла. Ашьҭаҵареи анаҩстәи ахәышәтәреи рзы аӡбамҭа адкылара ачымазаҩ инхарҭаҭыԥ иааҵанакуа аҳақьымцәа рақәыршаҳаҭрала имҩаԥысуеит. 

Арратә мобилтә хәышәтәырҭпа аҳақьымцәа ачымазцәа рышьҭаҵареи анаҩстәи рыхәышәтәреи азы аӡбамҭа рыдыркылоит ачымазаҩ инхарҭаҭыԥ иадҳәалоу аҳақьыми дареи еиқәшаҳаҭны.  Алада Урыстәылатәи Арратә Округ аҳақьымцәа Аҟәа ақалақь асасааирҭа «Аиҭар» иахьаҵанакуа  аус зуа арратә мобилтә хәышәтәырҭа аҿы  уахи-ҽни иааиԥмырҟьаӡакәа апациентцәа рыдкылареи ахәышәтәра-диагностикатә  усмҩаԥгатәқәеи мҩаԥыргоит.

Иара убас Алада Урыстәылатәи Арратә Округ аҳақьымцәа иарбоу арратә мобилтә хәышәтәырҭа алабораториа аҟны ареспублика ақалақьқәа рлабораториақәа рҟынтәи иаарго анализқәа ПЦР-диагностика нарыгӡоит. Анализқәа рылҵшәақәа зегьы шьҭахьҟа ареспублика алабораториақәа рахь идәықәҵахоит, уи атестҟаҵара иақәырӡхо аамҭа акыр иармаҷуеит, анализ ҩынҩажәа минуҭ ирҭагӡаны имҩаԥгахоит.

Убасҵәҟьа арратә хәышәтәырҭеи Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Ареспубликатә бактериологиатә лабораториеи русеицура еиҿкаауп. Араҟа аҳақьымцәа иҿыцу акоронавирустә ҿкы чымазара ахкқәеи аштаммқәеи ралкаара аҿы ацхыраара ҟарҵоит.

Амобилтә хәышәтәырҭа  алабораториақәа рҿы  иахьазы имҩаԥгоуп 2000 инарзынаԥшуа еиуеиԥшым алабораториатә ҭҵаарақәа,  1000 ПЦР-тести  еиуеиԥшым аклиникатә гәаҭарақәеи 1000 инареиҳаны агәышԥытә ренгенограммақәеи уахь иналаҵаны. 

Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара Аминистрра  иатәу афункциарацәа назыгӡо арратә мобилтә хәышәтәырҭа 100-шьҭаларҭа-ҭыԥ амоуп. Ианаҭахха азы инацҵаны даҽа  50 шьҭаларҭа-ҭыԥ аиқәыршәаразы алшара ыҟоуп. Уи иҿыцу акоронавирусттә ҿкы чымазара злаҽыз ауаа рыстационартә хәышәтәра иазкуп. Амшьамбақәа рҿы адкыларатә ҟәша, алабораториа,  арентген-кабинет ыҟоуп.  Ахәышәтәырҭа аҿы аус руеит 100-ҩык инареиҳаны арратә ҳақьымцәа, абригадақәа еиҟараны еихшоуп, урҭ рҽеиҭныԥсахло уахи-ҽни иааиԥмырҟьаӡакәа аус руеит.  

Ахәышәтәра-диагностикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгаразы ахәышәтәырҭа ҳаамҭа иақәшәо амедицинатә еиқәыршәагақәеи ихымԥадатәиу ахәшәқәеи, арыԥҳақәа рыҩныҵҟа иԥсабаратәым аҳауеиҭныԥсахлара аппаратқәа, апациентцәа рҭагылазаашьа интенсивла ахылаԥшра азы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа агәаҭара азы ахархәагақәа, ПЦР-лабораториа, уҳәа  рыла еиқәыршәоуп.

Ахәышәтәырҭа хәышәыла аиқәыршәара инагӡаны имҩаԥгоуп. Аҵәыҵәри ала аиқәыршәара мҩаԥнагоит Гәдоуҭа ақалақь аҿы иҟоу Алада Урыстәылатәи арратә Округ арратә база. Иааизакны уахыки-ҽнаки рыла иныххоит 100  инарзынаԥшуа аҵәыҵәритә баллонқәа.

 

Last modified on Ашәахьа, 18 Жьҭаара 2021 19:57