Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АРБЏЬАР МЧҚӘА ДРЫДНЫҲӘАЛЕИТ.

Ашәахьа, 11 Жьҭаара 2021 20:34 263

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Арбџьар Мчқәа аԥҵоижьҭеи 29 шықәса аҵра инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит.

 

«Аҩызцәа, аофицарцәа!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит акрызҵазкуа аҳәынҭқарратә ныҳәа – Аԥсны Арбџьар мчқәа рымш зыԥсҭазаараҿы Аԥсадгьыл ахьчара ус хаданы иалызхыз зегьы.

Ҳара ҳархәҭақәа рдоуҳатә мчи рпатриоттә уалԥшьеи еихарҳауеит шәышықәсала  итрадицианы иаарго Аԥсны ахьыԥшымреи ахақәиҭреи, аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәымшәареи рфырхаҵареи рыла.

28 шықәса раԥхьа ҳара ҳ-Арбџьар Мчқәа аибашьра азыҟаҵареи архәҭақәеи ажәлари ракзаареи рзы аԥышәара ду иахысит. Ҳтәыла аҽеибыҭаны аҭоурыхтә аамҭа кьаҿк иалагӡаны излагаз аибашьра ду аҟны ахыхьчареиԥш, иалшеит ар ҿыц аԥҵара. 

Иахьа Арбџьар Мчқәа иреиҳау астратегиатә ԥыжәара анаҭоит Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыра акзаара аиқәырхареи атәылауаа рыԥсҭазаара ахьчареи.

Убри аан, макьанагьы аибашьразы ашәарҭара аныҟоу ҳара иаҳҭахуп акзаара, иара убас аҭынч ԥсҭазаара аҟны ицәырҵуа апроблемақәа рҟынгьы. Амчра иалшо рацәоуп, аха уи амилаҭ зегьы адгылара анарҭа, урҭ алшарақәа акырӡа еиҳахоит.

Аԥсны Арбџьар мчқәа ирыдҳәалоу, ҳҳәынҭқарра акзаареи ҳҭынчреи зыхьчо зегьы ишәзеиӷьасшьоит арратә ус аҟны апрофессионализм, хьӡи-аԥшеи шәыгымкәа, апатриотизм еиқәырханы аԥхьаҟа анагара.

Шәҭаацәеи шәҭынхацәеи рыла шәгәы ҭынчзааит, дара рыдгылара, рыбӷа шәымазааит есқьынгьы».

 

 

Last modified on Ашәахьа, 11 Жьҭаара 2021 20:37