Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АԤСНЫ АЗЫ ИҬАХАЗИ КАВКАЗ АЗЫ АИБАШЬРА ИАЛАХӘЫЗИ РГӘАЛАДЫРШӘЕИТ.

Асабша, 09 Жьҭаара 2021 20:07 275

Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Иахьа, жьҭаарамза 9 рзы, Аҟәа ақалақь аҿы 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы асовет архәҭақәа рыла афашисттә мпыҵахалыҩцәа рҟынтәи Кавказ ахьчареи ахақәиҭреи 78-шықәса ахыҵра иазку Жәларбжьаратәи акциа мҩаԥысит.

Рашәарамза 25, 1942 шықәса рзы иалагаз Кавказ азы аибашьра жьҭаарамза 9, 1943 шықәса рзы асоветтә архәҭақәа иргаз аиааирала  ихыркәшахеит.  Кавказ еиԥш ихадоу астратегиатә ҵакы змоу араион ахақәиҭтәра, – Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Асовет Еидгыла иагаз аиааирақәа иреиҳауп.

 «Наунагӡа ахаҳә иаласоу, наунагӡа агәалашәараҿы иҟоу» ҳәа хыс измоу Жәларбжьаратәи акциа еиҿнакааит Урыстәылазегьтәи ауаажәларратә еиҿкаара «Афганистан аветеранцәа Урыстәылазегьтәи Реидгыла» иатәу урыстәылазегьтәи ауаажәларратә аҿартә патриоттә еиҿкаара «АШЬҬРАМҬА». Убри аан адгылареи ацхыраареи ҟанаҵеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилаки Аԥсны аҿар Рассоциациа «Аԥеиԥши».

Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилаки ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа Аҟәа ақалақь Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы 1992-1993шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз афырхацәа Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит. 

Анаҩс акциа алахәылацәа Аҟәатәи аԥшаҳәа аҿы  игылоу Идырым Асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит, иара убас асовет аруаи афашизм иаҿагыланы иқәԥози, зхы ақәызҵаз ауаа зегьи ргәалашәара ахьӡала 200 квадраттә метр рҟынӡа инаӡо Аиааира Абираҟ акопиа еиҵырхит.

Жәларбжьаратәи акциа рхы аладырхәит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Мадина Воуба, Аҳәынҭқарратә Еилаки Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти рзы Аусбарҭеи рыспециалистцәа, Урыстәылазегьтәи ауаажәларратә еиҿкаара «Афганистан аветеранцәа Урыстәылазегьтәи Реидгыла» иатәу урыстәылазегьтәи ауаажәларратә аҿартә патриоттә еиҿкаара «АШЬҬРАМҬА» аделегациа, Аԥсны аказакцәеи аказакцәа - аибашьра аветеранцәеи Реидгыла ахантәаҩы  Владимир Шелест,  Афганистан аибашьра аветеранцәа Аԥснытәи Реидгыла ахантәаҩы Владимир Цулукиа, Ауаажәларратә Еиҿкаара «Аԥсны иқәынхо аурысцәа реилазаара» ахантәаҩы Роман Риазанцев, Аԥсны Амшынеиқәатә аказакцәа рырхәҭа атаман Вадим Мироненко, Аԥснытәи аҿар Рассоциациа «Аԥеиԥш» Аҟәа ақалақь ахаҭарнакцәеи аҿартә еиҿкаара «ХАБ Очамчыра» ахаҭарнакцәеи.

Аофициалтә дыррақәа рыла, Аџьынџьтәылатәи еибашьра аан 55 нызықьҩык инареиҳаны Аԥсны атәылауаа афронтқәа зегьы рҿы афашист мпыҵахалаҩцәа ирҿагыланы еибашьуан –  ажәҩан, адгьыл, амшын аҿы 17 нызықь инареиҳаны ауаа.

Ҳара зегьы иаҳзеиԥшу ахықәкы — милаҭрацәала еилоу Ареспублика Аԥсны иалҵыз асовет аруаа гәымшәақәа ирызку аҭоурыхтә гәалашәара еиҵагыло абиԥарақәа  рзы аиқәырхара ауп.  

Аԥсадгьыл ахьчара азы еибашьуази аибашьра адәаҿы иҭахази рыхьӡ-рыԥшеи ргәалашәареи наунагӡоуп! Аԥсни Урыстәылеи ртәылауаа зегьы агәабзиара, аҭынч ԥсҭазаара, аизҳазыӷьара, аҭышәынтәалара рзеиӷьаҳшьоит.

 

Last modified on Асабша, 09 Жьҭаара 2021 20:12