Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АПАРТИА «АИҬАИРА» АԤСУА ЖӘЛАР ГАГРА АҚАЛАҚЬ АХАҚӘИҬТӘРА АМШ 29-ШЫҚӘСА АХЫҴРА ИНАМАДАНЫ ИРЫДНЫҲӘАЛЕИТ.

Ахаша, 06 Жьҭаара 2021 20:09 243

Аҟәа. Жьҭаарамза 6, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аполитикатә партиа «Аиҭаира» аитәылауаа Гагра ақалақь Қырҭтәыла аҳәынҭсовет ампыҵахаларатә архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәра Амш 29-шықәса ахыҵра инамаданы ирыдныҳәалеит.  

«Ари ахҭыс 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы акырӡа зҵазкуа ароль нанагӡеит.   Ҳара ҳажәлар азы, ҳтәыла азы уи 1941-1945шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аан Москва амҵан иҟаз аиҿагылара иамоу аҭаоурыхтә ҵакы иаҿурԥшратәы иҟоуп.

 Гагра ақалақь ахақәиҭтәра арра-стратегиатә, аполитикатә ҵакы ада, ҳар рырратә гәазҭазаара ашьҭыхра аҿы акыр анырра аиуит. Гагра ахақәиҭра зхы ақәызҵаз афырхацәа гәымшәақәа рыхьӡ кашәара ақәым! Аԥсадгьыл ахьчаҩцәеи  аиқәырхаҩцәеи  агәабзиареи аизҳазыӷьареи  аԥсуа ишықәснҵыреи рзеиӷьаҳшьоит!», - ҳәа иаҳәоит адныҳәалара аҿы.

Last modified on Ахаша, 06 Жьҭаара 2021 20:11