Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

РЕНАТ КОКОСҚЕРИА АСПОРТТӘ ЕИҚӘԤАРА АЗЫ АРЕГИОНБЖЬАРАТӘИ АТУРНИР АҾЫ АКТӘИ АҬЫԤ ААНИКЫЛЕИТ.

Ахаша, 06 Жьҭаара 2021 12:23 167

Аҟәа. Жьҭаарамза 4, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Ренат Кокосқериа Ростов-на Дону ақалақь аҿы жьҭаарамза  3 рзы имҩаԥысуаз аспорттә (зхы иақәиҭу) аиқәԥара  азы Арегионбжьаратәи атурнир «New stream» аҿы актәи аҭыԥ ааникылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭспорт Еилакы апресс-маҵзура.

Аԥснытәи аспортсмен 75 кьыла аҟынӡа инаӡо акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара, «грэпплинг» ҳәа изышьҭоу агәыԥ аҿы, ростовтәи аспорттә клуб  «Khasba Team» ахьӡала  дықәгылон.

Атурнир ахь аспортсмен дазыҟаиҵеит Саид Мықәба.

Азыҟаҵаҩ ишазгәеиҭаз ала, Ренат х-сааҭк инарзынаԥшуа аиндаҭлара мҩаԥигеит, руакы ҽҳәараанӡа ихиркәшеит – анапы ахь ахьаатә прииом ахархәарала. болевым приемом на руку.

Last modified on Ахаша, 06 Жьҭаара 2021 12:26