Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ЦӘЫББРАМЗА 30 РЗЫ ИҞАЛАЗ АИНЦИДЕНТ АЗЫ АҚӘҴАРА АПРОЕКТ ИАХӘҬОУ АБЫЖЬҚӘА АМОУӠЕИТ.

Ашәахьа, 04 Жьҭаара 2021 22:42 216

Аҟәа. Жьҭаарамза 1, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Х-сааҭк еиҳаны имҩаԥысуан цәыббрамза 30 ахәылбыҽха 1992 – 1993 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәеи Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Гарри Кокаиеи рганахьала аҭыԥ змаз  аинцидент.

 Ақәҵара апроект инақәыршәаны, апрокурор Хада Адгәыр Агрбеи  Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Ахантәаҩы Роберт  Киути жьҭаарамза  7 рҟынӡа  цәыббрамза  30 рзы  Амҳаџьыраа рыԥшаҳәа аҟны иҟалаз аинцидент ала аусеилыргаратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргар акәын.  

Аҳәынҭқарра Ахада иахь аусеилыргаратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара аамҭа иалагӡаны атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар, аминистр ихаҭыԥуаҩ, Ирласны анырра азы иҷыдоу Амаҵзура (СОБР) акомандаҟаҵаҩ Рашь Ҵәыџьба, уи ихаҭыԥуаҩ - Дадын Чачхалиа,  иарбоу аинцидент иалахәыз аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра егьырҭ аусзуҩцәа рмаҵураҭыԥ аҟынтәи рхы ақәиҭтәра азы ажәалагала ҟаҵан.  

Ақәҵара апроект  адкыларазы иахәҭоу абыжьқәа амоуӡеит. 21-ҩык  адепутатцәа рҟынтәи «иақәшаҳаҭхеит» 17-ҩык, «иақәшаҳаҭымхаӡеит», ҩыџьа – абжьыҭираан аҽынкылара аадырԥшит.

Ақәҵара адкыларазы адепутатцәа ркорпус (35-ҩык адепутатцәа),  зегьы азеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи аиҳараҩык рыбжьы рҭиир акәын (18-ҩык). 

Апарламент ахыбра аҿаԥхьа еизаз ауаа ас еиԥш алҵшәа азы агәынамӡара аарԥшуа Ақәҵара адкылара мап ацәызкыз адепутатцәа дара рахь идәылҵны уи азы мзыс ирымаз рҳәарц азы адҵа ықәдыргыло иалагеит.

Еизаз рахь ддәылҵит Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа. Уи адепутатцәа русура ашәахьа,  жьҭаарамза 4 рзы иацырҵоит ҳәа адырра ҟаиҵеит.  

Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы иқәгылара ашьҭахь  аибашьра аветеран Гиви Допуа  иахьа Апарламент аҿы адепутатцәа рӷьырак ахьыҟамыз инамаданы араҟа еизаз ауаа ашәахьанӡа еимпырц азы аҳәара ҟаиҵеит. Ауаа хәыҷы-хәыҷла еилыҵуа иалагеит.  

Last modified on Ашәахьа, 04 Жьҭаара 2021 22:45