Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

МАТВИЕНКОИ ВОЛОДИНИ АԤСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА – АПАРЛАМЕНТ АИҲАБЫ АИААИРЕИ АХЬЫԤШЫМРЕИ РЫМШНЫҲӘА ИДЫРНЫҲӘАЛЕИТ.

Ахаша, 29 Цәыббра 2021 16:37 228

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Афедерациа Ахеилак Афералтә Еизара Ахантәаҩы Валентина Матвиенко Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа аҳәынҭқарратә ныҳәа -  Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа идылныҳәалеит.

Адныҳәаларатә шәҟәы аҟны, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп: 

«Ҳаҭыр зқәу Валери Ермеи-иԥа! Урыстәылатәи Афедерациа Афедерациа Ахеилак Афералтә Еизара ахьӡалеи хаҭала сара сҟынтәии аҳәынҭқарратә ныҳәа -  Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа инамаданы ишәыдышәкылар сҭахуп гәык-ԥсыкала иҟаҵоу адныҳәалара. 

Ҳҳәынҭқаррақәа рыжәларқәа ҭоурыхла иӷәӷәоу аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыла еимадоуп, урҭ ианакәызалакгьы аиҩызареи аидгылареи рыбжьан. Агәра ганы сыҟоуп, ари аимадара Аԥсни-Урыстәылеи ирыбжьоу агәреибагареи аилибакаареи рыла ишьаҭарку аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа аринахысгьы хра злоу рыҿиара ишацхаауа.

  

Иахьа Аԥсны аҿиара амҩа иануп. Ҳганахьала ҳколлегацәа-апараламентарцәа аиашьаратә аԥсуа жәлар реизҳазыӷьареи рыҿиареи иазкны имҩаԥырго аҭакзыԥхықә усура аҿы  излаҳалшо ала адгылара рыҭара ҳазхиоуп.

Ҳаҭыр зқәу Валери Ермеи-иԥа,  Шәара аԥхьа шәнаргыланы, напхгара зышәҭо Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутаттә корпус зегьы аманшәалареи ақәҿиарақәеи, Аԥсны Аҳәынҭқарра ажәлар – аҭынч ԥсҭазаареи аизҳазыӷьареи  рзеиӷьасшьоит».

Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа инамаданы адныҳәаларатә шәҟәы ааишьҭит иара убас  Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володин.

Уи Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиеи Аԥсны ажәлар зегьи аҭынреи аизҳазыӷьареи рзеиӷьаишьеит.

Цәыббрамза 30 рзы Аԥсны 1992 - 19993 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы аиаира агара Амш  28- шықәса ахыҵра азгәарҭоит.  Ари Амш ареспублика аҿы Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәаны ирылаҳәоуп.

 

Last modified on Асабша, 02 Жьҭаара 2021 13:54