Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ДӘРЫԤШЬ АҚЫҬАН АԤААИМБАР МИХАИЛ ИНЫХАБАА АԤШЬАРА 107-ШЫҚӘСА АХЫҴРА ИАЗКНЫ АНЫҲӘАРА МҨАԤЫСИТ.

Аҩаша, 28 Цәыббра 2021 17:52 203

Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, Дәрыԥшь ақыҭан, Лакраа аижәлантәқәа рыдгьыл аҿы ХХ ашәышықәса алагамҭазы иргылаз аԥааимбар Михаил иныхабаа аҿы аныҳәара мҩаԥысит.   Уи мҩаԥигеит асхиигумен Гавриил Виноградов-Лакербаиа  (Иосиф Лакрба имоҭа ихылҵ).  Аныҳәара аныхабаа аԥшьара 107-шықәса ахыҵра иазкхеит.

Аныхабаа Мырзаҟан Лакрба ихарџь ала иргылан, уаҟа раԥхьатәи амшқәа раахыс анцәаимҵаныҳәарақәа мҩаԥигон  адинмаҵзуҩы Иосиф Лакрба.

«Уажәы, Анцәа иџьшьаны ҳдоуҳатәи идинтәым анапхгаратә усбарҭақәеи аныхабаа аҟны ауахәама-динхаҵаратә еилазаара аԥҵареи ахыбра аиҭашьақәыргылара ахацыркреи рзы азинтә шьаҭа шьақәзыргыло аусшәҟәқәа ирықәшаҳаҭхеит. Аныхабаа ареставрациа азы ихымԥадатәиу аусшәҟәқәа зегьы еиқәыршәоуп. Иахәҭоу аԥаратә хархәагақәа зегьы реизгара шаалыршахалак еиԥшҵәҟьа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагоит. Сара агәыӷра сымоуп аамҭа кьаҿ иалагӡаны ари аныхабаа еиҭашьақәыргыланы Аԥсны иҟоу егьырҭ аиашахаҵаратә уахәамақәа рхыԥхьаӡараҿы ишыҟало», - ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит Леонид Лакербаиа.

Жьҭаарамза 28, 1913 шықәса рзы Дәрыԥшь ақыҭан ахаҳә иалху аныхабаа ҿыц ашьапы аркын.   Шықәсык ашьҭахь, цәыббрамза 28, 1914 шықәсазы аныхабаа ҿыц аԥшьара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.

 

Last modified on Асабша, 02 Жьҭаара 2021 13:40