Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АХАДА ЧЕХА В.В. "АХЬӠ-АԤША " АОРДЕН III АҨАӠАРА ИАНАШЬАРАЗЫ АУСԤҞА ИНАПЫ АҴАИҨИТ.

Ахәаша, 24 Цәыббра 2021 17:55 177

Аҟәа. Цәыббрамза 24, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Чеха Вадим Витали-иԥа "Ахьӡ-Аԥша " аорден III аҩаӡара ианашьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

Аусԥҟа атекст аҟны иҳәоуп:

 

"Аԥсны Аҳәынҭқарразы зыквалификациа ҳараку акадрқәа разыҟаҵареи рааӡареи рыҟны аҵак ду змоу илагаламҭазы Чеха Вадим Витали-иԥа ианашьазааит "Ахьӡ-Аԥша " аорден III аҩаӡара".

Аиуристтә наукақәа рдоктор Вадим Чеха  Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра анапхгараҩыс дҟаҵан 2018 шықәса.  Ари амаҵураҭыԥ аҿы иусура анхиркәша ашьҭахь уи Москваҟа дхынҳәит.

Last modified on Асабша, 02 Жьҭаара 2021 13:11