Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АЖЬИБА Р.А. "АМИЛИЦИА АИНРАЛ-МАИОР" ҲӘА АХЬӠ ИХҴАРАЗЫ АУСԤҞА ИНАПЫ АҴАИҨИТ

Аҩаша, 21 Цәыббра 2021 16:50 182

Аҟәа. Цәыббрамза 21, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аусԥҟа инапы аҵаиҩит  Ажьиба Р.А. "амилициа аинрал-маиор" ҳәа изаамҭанытәиу иҷыдоу ахьӡ ихҵаразы.

Аусԥҟаҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

"1996 шықәса ԥхынҷкәынмза 18 аҟн. (УП-13 1997 ш. хәажәкырамза 4 аҟн; 1998 ш. ԥхынгәымза 22 аҟн., УП-62; 2017ш. цәыббрамза 11 аҟн. УП-208 аҧсахрақәа зцу)

Аԥсны  Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟала ишьақәырӷәӷәоу УП-104 Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рыҟны Аԥҟара инақәыршәаны,

амилициа аполковник, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, акриминалтә милициа аиҳабы Ажьиба Александр Руслан-иԥа ихҵазааит "амилициа аинрал-маиор" ҳәа изаамҭанытәиу иҷыдоу ахьӡ".

 

 

Last modified on Асабша, 02 Жьҭаара 2021 12:47