Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ: ҲАЖӘЛАРҚӘА ИРЫБЖЬОУ АИМАБЗИАРАТӘ ЕЗЫҞАЗААШЬАҚӘЕИ АИДГЫЛАРЕИ РЫЛА ИШЬАҬАРКУП - ААХЫҴ УАԤСТӘЫЛЕИ АԤСНИ ХРА ЗЛОУ РҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ҾИАРА

Ашәахьа, 20 Цәыббра 2021 10:19 156

Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқандр Анқәаб Аахыҵ Уаԥстәыла Анапхгара ахантәаҩы   Геннадия Бекоеви Аахыҵ Уаԥстәыла аиашьаратә жәлари иналукааша аныҳәа  – Ареспублика Амш инамаданы дрыдныҳәалеит.

«Цәыббрамза 20, 1990 шықәса рзы ҳаамҭазтәи Аахыҵ Уаԥстәыла аҳәынҭқарратә шьақәгылара аҿы иҿыцу аамҭахәҭа алагалара алзыршаз  аҭоурыхтә усшәҟәы рыдыркылеит.  Ҳашьцәа рмилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара ахҭыс ду ала ихыркәшахеит – Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика ахьыԥшымра азхаҵара. 

Ари аныҳәа аиааира азы еицамкуа амхара аарԥшра, зыԥсҭазаареи згәабзиареи ақәҵаны аԥсадгьыл ахьчара азхиара, еиҵагыло абиԥара азы аԥеиԥш бзиа аагара, уҳәа ирызкуп.

Шәеихьӡарақәа ҳрызгәдууп, агәрагьы аагоит ҳажәларқәа ирыбжьоу аимабзиаратә еизыҟазаашьақәеи аидгылареи рыла ишышьаҭарку Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылеи хра злоу рҳәынҭқарратә ҿиара», - ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәаларатә шәҟәы аҿы.

Алеқсандр Анқәаб Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар аҭынчреи аизҳазыӷьареи, ақәҿиарақәеи, аихьӡара ҿыцқәеи рзеиӷьаишьеит.

 

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 20:18