Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБИ ГЕОРГИ МУРАДОВИ АԤСНИ ҞРЫМИ РЫБЖЬАРА АУСЕИЦУРА АҾИАРА ИАЛАЦӘАЖӘЕИТ

Аԥшьаша, 16 Цәыббра 2021 11:27 216

Аҟәа. Цәыббрамза 16, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Ареспублика Ҟрым аминистрцәа Реилазаара Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ – Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иҟоу Ареспублика Ҟрым есымшатәи Ахаҭарнак, Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Ҟрыми  рыбжьара ахәаахәҭра-економикатәи, анаука-техникатәи, агуманитартәи усеицура азы Анапхгарабжьаратәи акомиссиа ацхантәаҩы Георги  Мурадов диԥылеит.

Аиԥылара ихы алаирхәит атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр, аԥсуа-ҟрымтәи акомиссиа ацхантәаҩы Беслан Џьопуа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура излаанацҳауа ала,  аиԥылара аҿы ирылацәажәеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Ҟрыми реизыҟазаашьақәа аҿиара аҳәаақәа ирҭагӡаны инагӡахо иалкаау апроектқәа.

Аганқәа акомиссиа аилатәарақәа рҿы ишьақәырӷәӷәаз аплан анагӡара азы адыррақәа еимырдеит, 2022 шықәса аҩбатәи аԥшьбара азы Ҟрым имҩаԥысраны иҟоу есышықәсатәи акомиссиа аилатәара аиҿкаара иалацәажәеит.   

Иара убас аҩганктәи аинтересқәа ҳасаб азуны аусецура аҿиара иазку актуалра злоу азҵаара ҿыцқәа  алкаахеит.

Зыдгалара мҩаԥгаз аусеуцура ахырхарҭақәа аус адуланы анапхгарабжьаратәи комиссиа иааиуа аилатәара амшхәаԥштә иалагалахоит.

 

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 19:03