Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСЛАН БЖЬАНИА ҞАБАРДА-БАЛКАРИА АХАДА КАЗБЕКА КОКОВ АРЕСПУБЛИКА АМШ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ

Ахаша, 01 Цәыббра 2021 17:18 292

Аҟәа. Цәыббрамза 01,2021шықәса. Аԥсныпресс.   Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ҟабарда-Балкариа Ахада Казбек Коков Ареспублика Амш идиныҳәалеит. 

Ҳаҭыр зқәу Казбек Валери-иԥа!

Аҧсны Аҳәынҭқарра ауаажәларра рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала, ишәыдысныҳәалоит аҵак ду змоу аныҳәа - Ареспублика амш.

Ҟабарда-Балкариа аҭоурых ду, аԥсабара ссир змоу аҟны инхоит асасдкылара злоу ауаа.

Шәара шәнапхгарала, аиашьаратә Республика иқәынхо аџьабзиабара злоу атәылауаа ирыбзоураны, Ҟабарда-Балкариа есҽны аҽеиҭанакуеит. Имҩаԥысуеит амҩақәа, ахәыҷбаҳчақәа, ашколқәа, акультуратә ханқәа рыргылара, иҿиоит агәабзиарахьчареи атуризми, раԥҵара иаҿуп аҭыԥ ҿыцқәа.

Ахә ашьара уадаҩуп ҭоурыхла ишьақәгылаз, аамҭеи алахьынҵеи рыла иԥышәоу ҳажәларқәа ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа рҵакы. 

Ҳарҭ ахааназы ҳаҭырла ҳарзыҟоуп хатәгәаԥхарала еибашьуаз, бџьаршьҭыхла ҳаԥсадгьыл Аԥсны ахьчараҿы иҳадгылаз.

Абри аныҳәа амш аҽны, ҳаҭыр зқәу Казбек Валери-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аҭакԥхықәра зцу амаҵураҟны аихьӡарақәа, Ҟабарда-Балкариа инхо ҳаиашьаратә жәларқәа аҭынчра, аҭышәынтәалара, аизҳазыӷьара.

 

 

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 18:12