Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АМАШӘЫРТӘ ХҬЫС ҞАЛЕИТ

Аҩаша, 31 Нанҳәа 2021 12:05 171

Аҟәа. Нанҳәамза 31, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Нанҳәамза 30, 21 сааҭи 38 минуҭи рзы Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ахь Аҟәа ақалақь Адыгаа рымҩаду ала иҟоу ажьирауацблокқәа рыҟаҵара азы ацех аҿы  амашәыртә хҭыс азы адырра ҟалеит.  Аусуҩцәа руаӡәк аиҟәыршәшәага машьына даҵанагалеит. Аҭыԥ ахь инеиз аԥсеиқәырхаҩцәа амашәыр иақәшәаз раԥхьатәии амедицинатә цхыраара ирҭеит, Ареспубликатә хәышәтәырҭа Хада ахь днаргеит.

Амашәыр иақәшәаз ареанимациа аҟәша ахь днагоуп. Аҳақьымцәа ишазгәарҭо ала, ачымазаҩ игәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп.

 

 

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 17:35