Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСЛАН БЖЬАНИА: УРЫСТӘЫЛА АГАНАХЬАЛА АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ХЬЫԤШЫМРА АЗХАҴАРА ИИАШАҴӘҞЬАНЫ ҲҲӘЫНҬҚАРРА АҬОУРЫХ АҞНЫ АКРЫЗҴАЗКУА ХҬЫСНЫ, АИАШАРА АИААИРА АГАРА ШЬАҚӘЗЫРӶӘӶӘО АКТНЫ ИҞАЛЕИТ

Аԥшьаша, 26 Нанҳәа 2021 09:08 210

Аҟәа. Нанҳәамза 26, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар аҳәынҭқарратә ныҳәа – Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы, иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

Ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәларбжьаратәи азхаҵара амш.

Ари аныҳәа ҳҭоурых ҿыц аҟны уажәааигәа акәзаргьы ианцәырҵ, иара еиднакылеит ахьыԥшымрамҩа ианыз ҳара ҳажәлар зыниаз ауадаҩрақәеи ирымаз аихьӡарақәеи.

Урыстәыла аганахьала Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымра азхаҵара ииашаҵәҟьаны ҳҳәынҭқарра аҭоурых аҟны акрызҵазкуа хҭысны, аиашара аиааира агара шьақәзырӷәӷәо актны иҟалеит. Ҳтәыла иаиуит аҭынчра, ашәарҭадара, аҿиаразы алшарақәа. 

Ашәышықәсақәа иргәылсны иаауеит ҳара ҩызара ҳзызуа Урыстәылеи ҳареи ҳаимадара, уи азы ҳара есқьынгьы иҭабуп ҳҳәоит.

Абри аныҳәа амш аҽны ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп аҭышәынтәалара, аҭынчра, Урыстәыла аизҳазыӷьара, избанзар Урыстәыла шаҟа иӷәӷәоу аҟара, адунеи аҿы ашәарҭадареи аҭынчреи ҟалоит.

Ҳара иара убас ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит Аԥсадгьыл ахақәиҭтәра зхы ақәызҵаз ҳфырхацәа, ҳтәылауааи ҳҩызцәеи ари амш ааигәатәра зхы-зыԥсы иамеигӡаз, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира ҳзыргаз ҳԥыза Владислав Арӡынба, анаҩс жәларбжьаратәи азхаҵара зыхьӡ адҳәалоу Сергеи Багаԥшь. 

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар, гәык-ԥсыкала зегьы ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп аҭынчра, аизҳазыӷьара!

Нагӡара ақәзааит Аԥсны Аҳәынҭқарра!"

 

 

 

 

 

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 16:43