Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ АХЬЫԤШЫМРА АЗХАҴАРА АМШ 13-ШЫҚӘСА АХЫҴРА АҼНЫ АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ 1992-1993 ШШ. АԤСНЫ АЏЬЫНЏЬТӘЫЛАТӘИ ЕИБАШЬРА АҾЫ ИҬАХАЗ ҲАҬЫРЛА ИРГӘАЛАДЫРШӘЕИТ

Аԥшьаша, 26 Нанҳәа 2021 12:04 319

Аҟәа. Нанҳәамза 26, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.

Ацеремониа рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә зинмчы змоу Ацҳаражәҳәаҩ Алеқсеи Двинианин, Аԥсны иҟоу Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика аофициалтә хаҭарнак Гарри Кәпалба, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, атәыла Анапхгара алахәылацәа, ауаажәларра ахаҭарнакцәа.

Аслан Бжьаниа иара убас Аҟәа араион, Алада Ешыра ақыҭан, Аԥсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал амҵан, Џьгьарда ақыҭан,. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаҧшь иҳаҭгәын аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.

13 шықәса раԥхьа Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Дмитри Медведев Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспубликеи рҳәынҭқарратә суверенитети рхьыԥшымреи азхаҵара азы Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит.

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 16:54