Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АРРАТӘ ҲАҚЬЫМЦӘА АМОБИЛТӘ ХӘЫШӘТӘЫРҬА ААРТРААН ИААДЫРԤШЫЗ АОПЕРАТИВРА АЗЫ ИҬАБУП ҲӘА РЕИҲӘЕИТ.

Ахаша, 18 Нанҳәа 2021 12:05 279

Аҟәа. Нанҳәамза 18, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны  аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа иаарту Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара Аминистрра иатәу афункциарацәа назыгӡо арратә мобилтә хәышәтәырҭа анапхгаҩы Абдулмеџьид Магомедов диԥылеит.

Атәыла Анапхгара ахада арратә хәышәтәырҭа аартраан иаарԥшыз аоперативра азы иҭабуп иҳәеит. «Шәара уаанӡагьы иҟаишәҵахьаз ацхыраара аҩаӡара акыр иҳаракын. Урыстәылатәи афункциарацәа назыгӡо арратә мобилтә хәышәтәырҭа ҳтәылаҿы ишьақәгылаз асанитар-епидемиологиатә ҭагылазаашьа уадаҩ аҭышәынтәалара иахьалахәу ҳара ҳзы даара акырӡа зҵазкуа адгылара дууп.   Аԥсуа ҳәынҭқарра Анапхгара ахыдҵа хаданы иҟоуп иааз аспециалистцәа излауа ала русура арманшәалара аиҿкаара», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб.

Ахәҭакахьала, Абдулмеџьид Магомедов аԥсуа ган арратә хәышәтәырҭа ахәҭақәеи ашьақәыргылагақәеи рымҩангара аҿы иҟанаҵаз ацхырааразы иҭабуп ҳәа иҳәеит.  Уи ишазгәеиҭаз ала, уажәазы иарбоу арратә хәышәтәырҭа алабораториа атехникатә лшарақәа акыр еизырҳауп, иара убас аҳақьымцәа хаҭалатәи реилазаарагьы иацҵоуп. Уажәы акоманда иалагалоуп аҩныҵҟатәи ацәеижьхәҭақәа рультрабжьытә ҭҵаара аспециалистцәеи, иара убас егьыр аспециалистцәа жәпаки. Арҭ афакторқәа зегьы ареспубликатә ковидттә лабораториа хадеи ахәышәтәратә усбарҭақәеи рықәыӷәӷәара армаҷра алнаршоит.

 Алеқсандр Анқәаб урыстәылатәи арратә ҳақьымцәа ҳәоуеқәшәарала хра злоу аусуреи ақәҿиарақәеи рзеиӷьаишьеит.

 

 

Last modified on Аԥшьаша, 19 Нанҳәа 2021 12:11