Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ИАХЬА 1992-1993 ШШ. АЏЬЫНЏЬТӘЫЛАТӘИ ЕИБАШЬАРА АЛАГАРА АМШ 29 ШЫҚӘСА АХЫҴУЕИТ.

Асабша, 14 Нанҳәа 2021 15:57 247

Аҟәа. Нанҳәамза 14, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.​ Иахьа 1992-1993 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра алагара Амш  29 шықәса ахыҵуеит.

Нанҳәамза  14, 1992 шықәса рзы  413 шықәса ицоз Аџьынџьтәылатәи еибашьра алагеит. Уи аԥсуа еибашьцәа иргаз аиааирала ихыркәшахеит.

Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа Аԥсныҟа ралагалара официалла мзысс иаман  Звиад Гамсахурдиа идгылаҩцәа рыла шасысс иргаз Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роман Гвенцаӡеи жәаҩаҩык аҭҟәацәеи Аԥсныҟа иааганы иҵәахуп ҳәа ашьақәырӷәӷәара.   Қырҭтәылатәи анапхгаҩцәа иара убас «аихамҩа ахьчара ахымԥадатәрагьы» иалацәажәон. Уи зегьы аус аҿы Аԥсны аганахьала бџьаршьҭыхлатәи агрессиа ахь ицәырнагеит.

Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ауснагӡатәқәа «ибзианы иазыҟаҵаз, ихьыԥшым Аԥсны атерриториа ампыҵакра иазырхаз аккупациатә акциа аҳасабала иахәаԥшит.

Есышықәса, нанҳәамза 14 аҽны Ареспублика аҿы Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара Амш азгәарҭоит. Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы иҟоу Афырхацәа Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит Аԥсны Анапхгара ахаҭарнакцәа, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз афырхацәа ранацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, аҿар, ахәыҷқәа. 

Аԥсны ахьыԥшымра азы аԥсуа жәлар ирывагыланы еибашьуан Нхыҵ Кавказынтәи, Алада Урыстәыла, Урыстәыла егьырҭ арегионқәа рҟынтәи хатәгәаԥхарала иааз аибашьцәа, аҳәаанырцә иҟоу аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа.

Аҭоурыхтә наукақәа ркандидат, апоковник Валикәа Пачлиа ​ (20.11.1945​ - 20.04.2021 шш.)  ашәҟәы «Боевые действия в грузино-абхазской войне​ (1992 – 1993 гг.)​ Документы и материалы», аԥхьажәа аҿы иҟаиҵо адыррақәа рыла, ​«Иааизакны, аԥсуа-қырҭуа еибашьра аҿы аԥсуаа рганахьала рхы аладырхәит 18 150 - ҩык. Урҭ рахьынтә:​ аибашьратә хҭысқәа ирылахәын - 13 970 – ҩык, атылтә маҵзурақәа рҿы - 4 180-ҩык.  Хатәгәаԥхарала еибашьра иааз рхыԥхьаӡара - 2 310 – ҩык рҟынӡа инаӡон. Еиуеиԥшым афронтқәа рҿы еибашьуаз рхыԥхьаӡара:

  • ​ ​ Гәымсҭатәи афронт аҿы - 12 520-ҩык.
  • ​ ​Мрагыларатәи афронт аҿы ​- 5 630-ҩык.
  • ​ Гагратәи афронт аҿы-​ 1 600-ҩык. (афронт ыҟан 1,5 мзы ирылагӡаны).

Аибашьра аҿы еиуеиԥшым ахәрақәа зауз рхыԥхьаӡара – 7 нызықь ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Иҭахаз ауаа - 2-нызықьҩык рҟынӡа инаӡоит». 

 

 

Last modified on Аҩаша, 17 Нанҳәа 2021 12:18