Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

5-МЫЗ ИРЫЛАГӠАНЫ АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ БИУЏЬЕТ 2 МЛРД МААҬ ИНАРЗЫНАԤШУА АШӘАХТТӘИИ АШӘАХТӘ ИАЛАМИ АХАШӘАЛАХӘҚӘА АЛАГАЛАХЕИТ.

Ахаша, 02 Рашәара 2021 14:28 438

Аҟәа. Рашәарамза 2, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Ажьырныҳәамза 1 инаркны ареспублика абиуџьет иалагалахеит  ззеиԥш еицҵалыҵ 2 млрд мааҭ рҟынӡа инаӡо ашәахттәии ашәахттә иалами ахашәалахәқәа. Уи,  2020 рзы иҟаз арбагақәа раасҭа 23 % рыла еиҳауп, ҳәа иахьа атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб диҿцәажәо адырра ҟаиҵеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.

Атәыла афинансқәа рминистр аԥыза-министр ҳазҭоу ашықәс  5-мыз рыла инагӡоу аусура аихшьаалақәеи 2021 шықәсазы иаанхаз аамҭахәҭа ирылагӡаны иазԥхьагәаҳоу ауснагӡатәқәеи рзы аԥыза-министр адырра ииҭеит.  Урыстәылантәи афинанстә цхыраареи, егьи ирхынҳтәым ацхыраареи ҳасаб азуны уахәаԥшуазар, 2021-шықәса 5 мыз ирылагӡаны аҳәынҭқарратә биуџьеҭ  ахашәалахәқәа ршәагаа 3,6 млрд  мааҭ рыҟынӡа инаӡеит, ахатәы хашәалахәқәа етап-етаплатәи, иҭышәынтәаланы реизҳара атенденциа ыҟоуп – 5 –мыз рыла уи  иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 380 млн мааҭ рыла еиҳахеит. 5-мыз рыла иҟаз азԥхьагәаҭарақәа раасҭа еиҳахаз аицҵалыҵ еиҳау ахәҭаа ашәахтә лагалақәа ирыдҳәалоуп  – 377 млн мааҭ.  

Афинансқәа рминистр иара убас абиуџьеҭ аныхтә хәҭа дазааҭгылеит. Уаанӡа еиԥш уажәгьы аныхтәқәа зегьы рҟынтәи зегьы раасҭа ихадоу статианы иҟоуп асоциалтә ҭакԥхықәрақәа рфинанстәра, агәабзиарахьчара асистема аҭаххрақәа реиқәыршәара.

«Ҳара абиуџьеттә хархәагақәа рныхра ахылаԥшра ӷәӷәа аҭара аформат ала аусура иацаҳҵоит. Абиуџьеҭ аҟынтәи аԥаратә хархәагақәа ахархәаҩцәа рҟынӡа инеиуеит зда ԥсыхәа ыҟам, ихадоу, ишьаҭарку аҭагылазаашьақәеи амзысқәеи рыла»,-ҳәа иҳәеит атәыла афинансқәа рминистр Владимир Делба.

Афинансқәа Рминистрра иара убас аҳәынҭқарра аилазаарақәа рҿаԥхьа иақәу ауал хәҭа-хәҭала ашәара апроцесс хацнаркит. «Ҳара иарбоу ахырхарҭала хра злоу азԥхьагәаҭарақәа ҳамоуп – афинансқәа Рминистрра зҿаԥхьа ауалтә ҭакԥхықәра  нанагӡо аилакқәа рахь инашьҭхо аԥаратә хархәагақәа, абиуџьетнҭыҵтәи афондқәагьы уахь иналаҵаны, ҩаԥхьа абиуџьеттә система иалагалахоит. Иаагозар, ауалтә шәатәқәа рганахьала ҳҭакԥхықәра анагӡара аналҳаршалак ашьҭахь, Атәанчаҩратә Фонд ахь аԥаратә хархәагақәа ралагалара аизҳара шыҟало аабоит», - ҳәа иазгәеиҭеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба. 

 

Last modified on Аԥшьаша, 03 Рашәара 2021 14:31