Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

«АԤСНЫАВТОМҨА» ԤЫХЬАТӘИ АНАПХГАҨЫ ХАДА БЫЖЬ ШЫҚӘСА АҬАКРА ИҚӘҴОУП

Ахаша, 05 Лаҵара 2021 13:56 320

Аҟәа. Лаҵарамза 5, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақьтә Ӡбарҭа Ареспубликатә унитартә Наплакы «Аԥсныавтомҩа» ԥыхьатәи анапхгаҩы хада Борис Ачба иганахьала азыӡба аднакылеит. Аусеилыргара аверсиа ала, атъым мазара (мцҳәарала шәагаала идуу абиуџьеттә хархәагақәа) рымпыҵахалара аҭыԥ аман.  Аҳәынҭқарратә харадҵаҩцәа Ачба Борис Хутуш-иԥа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 156, ахәҭа 4 инақәыршәаны иарбоу ацәгьоураҿы  ахара идуп ҳәа дыԥхьаӡазарц, ахьырхәра аҳасабала 8 шықәсеи 6-мзи азеиԥш режим змоу абахҵа аҿы аҭакра иқәҵазарц азы  аӡбарҭа ахь аҳәара ҟарҵон. Ахьчаҩцәа рган ақәгылараан аӡбарҭа Ачба Борис Хутуш-иԥа иганахьала иҟоу ахарадҵа аҿы ихара шыҟам, уи шьақәзырӷәӷәогьы шыҟам азы ахшы.зышьҭара анаҭарц, иара убри инамаданы ариашаратә шьауӷақәҵара аднакыларц азы аҳәара ҟанаҵеит.

Лаҵарамза 5 рзы аӡбаҩ Мадина Чачба ирылалҳәаз ашьауӷақәҵа арезолиутивтә хәҭа инақәыршәаны, Борис Ачба Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 156, ахәҭа 4 (мцҳәарала аус аилаҽаҽара, мамзаргьы агәрагара цәгьашақә ахархәарала шәагаала идуу атәым мал ампыҵакра) ала иазԥхьагәаҭоу ацәгьоура ала ахара идуп ҳәа ашьауӷақәҵара ҟаҵоуп, ахьырхәра аҳасабала, имоу амазара амхрагьы уахь иналаҵаны, 7 шықәса азеиԥш режим змоу абахҭаҿы аҭакра иқәҵоуп. Аӡбарҭа азыӡбала, Борис Ачба иганахьала аҭакразы иаԥырхагоуп ҳәа  ишьақәыргылоу амедицинатә рбагақәа инарымаданы уаанӡа иқәҵаз аҩнытә ҭакра абахҭа аҭакра ала иԥсахуп. Зус рыӡбоз Ареспубликатә хәышәтәырҭҿы иҟазаара инамаданы, ашьауӷақәҵара алаҳәараан аӡбарҭаҿы дыҟаӡамызт.

Аусеилыргара аверсиа ала, Борис Ачба, Ареспубликатә унитартә Наплакы «Аԥсныавтомҩа» напхгара анаиҭоз аамҭазы, имаҵуратә ҭагылазаашьеи Аҳәынҭқарра Ахадеи иареи ирыбжьаз агәрагаратә еизыҟазаашьақәеи ихы иаирхәон. Атәым мазара (мцҳәарала шәагаала идуу абиуџьеттә хархәагақәа) рымпыҵахалара хықәкыс иҟаҵаны, жәабранмза 27, 2017 шықәса рзы Борис Ачба Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба ихьӡала ашәҟәы еиқәиршәеит. Иарбоу ашәҟәы аҿы уи имцырку адыррақәа, иҭкааны иуҳәозар, амшцәгьақәа (жьҭаарамза-абҵарамза 2016 шықәса рзы иҟаз аӡхыҵрақәеи, ажьырныҳәамза-жәабранмза 2017 шықәса рзы асоурақәеи) ирыхҟьаны аӡиасқәа Ааԥсҭеи Хыԥсҭеи ирхыз автомашьынатәии аихамҩатәии ацҳақәа рҭагылазаашьа уашәшәыроуп ҳәа адыррақәа анын. Борис Ачба Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ирезервтә Фонд аҟынтәи 19 47 11 62 мааҭ изоужьхеит, уи анаҩс  ихыҭҳәаау ахаҿы аԥҵаҩыс дызмоу Зҭакԥхықәра щәаақәҵоу Аилазаара «Юг Строй Комплект» аилаӡара бжьаҵаны аусурақәа рынагӡаразы имцыркыз аусшәҟәқәа реиқәыршәарала ампыҵакра алыршахеит.

Аусеилыргара мҩаԥнагон Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусеилыргаратә ҟәша.

Sputnik Аԥсны иҟанаҵо адыррақәа рыла, адукат Инга Габилаа аӡбарҭа ашьауӷақәҵара дақәшаҳаҭымхаӡеит, уи Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Акассациатә коллегиа ашҟа ашьауӷақәҵара азашшра дәықәылҵоит.