Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҲӘЫНҬҚАРРА ИАХЬАҴАНАКУА ИМҨАԤЫСУЕИТ АԤСНЫ АФЫРХАҴА СЕРГЕИ ПЛАТОН-ИԤА ДБАР ДИИЖЬҬЕИ 75-ШЫҚӘСА АҴРА ИАЗКУ АГӘАЛАШӘАРАТӘ УСМҨАԤГАТӘҚӘА

Аҩаша, 04 Лаҵара 2021 16:48 263

Аҟәа. Лаҵарамза 4, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Арҭ амшқәа рзы ҳреспублика иахьаҵанакуа ар реиҳабы, Аԥсны Афырхаҵа, “Ахьӡ-Аԥша” аорден  I аҩаӡара занашьоу Сергеи Платон-иԥа Дбар диижьҭеи 75-шықәса аҵра иазкны агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит.

Ашьжьымҭан, Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан, Уасил Лакоба ихьӡ зху абжьаратәи ашкол ашҭаҿы игылоу Аԥсны Афырхаҵа Сергеи Дбар ибаҟеи, иара убас  иҳаҭгәыни рыҟны ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит. Ари ацеремониа рхы аладырхәит Афырхаҵа иуацәеи иҭынхацәеи, атәыла анапхгара ахаҭарнакцәа, аибашьра аветеранцәа, ауажәларра, ашколхәыҷқәа. 

Гәдоуҭа ақалақь аҿы иҟоу Сергеи Платон-иԥа Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра амузеи аҿы иналукааша ар реиҳабы изку афотоцәыргақәҵа аатит.

Асааҭ 14:00 рзы 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара иазку ацеремониа мҩаԥысит. Иара убас, Аҟәа ақалақь Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы игылоу Сергеи Платон-иԥа Дбар ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Аҟәа ақалақь, В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҿы имҩаԥысит агәалашәаратә хәылԥазы. Аинрал ҳаҭырла дыргәаладыршәарц азы арахь имҩахыҵит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәымба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа, атәыла анапхгара алахәылацәа, аибашьра аветеранцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа.

Еизаз рзы иқәгылеит еицырдыруа амузыкантцәа, иара убас илегендатәу ансамбль «Аԥсны-67». Ахәылԥаз алагамҭазы аекран ду аҿы иддырбеит Сергеи Дбар дызну Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аамҭазтәи афото-видеоархив. Цәыббрамза 27, 1993 шықәса рзы Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәразы иҟаҵаз аҭыхымҭақәа руак аҿы  Сергеи Платон-иԥа Дбар иҳәеит: «Аибашьра цонаҵы сара сеинралӡам, сара ссолдаҭуп”. Убасҵәҟьа иара иԥсҭазаара кьаҿ зегьы иалагӡаны, ауадаҩрақәа дырцәымшәаӡо дааиуан, аибашьраамҭазтәи, анаҩс аҭынчаамҭазтәи аԥсҭзаараҿы ицәырҵуаз ахьанҭарақәа хачҳарыла дыриааиуан. Азал аҿы иҟаз зегьы Сергеи Платон-иԥа Дбар минуҭктәи аҿымҭрала дыргәаладыршәеит.